Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп

© Foto / пресс-служба президента АбхазииРоберт Киут
Роберт Киут - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 12 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭитәит 2014 шықәса раахыс Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс иҟаз Зураб Марганиа.

АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵала аамҭала Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡалоит Роберт Киут ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Киут Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа рынагӡареи ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩреи еидибалалоит. Лаҵара 18 Роберт Киут аколлектив дыдирдырит Аслан Бжьаниа.

Лаҵара 12 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭитәит 2014 шықәса раахыс хантәаҩра зуаз Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Зураб Марганиа. Аамҭала уи инапынҵақәа наигӡон Владимир Арлан.

Роберт Киут диит ажьырныҳәа 7, 1980 шықәса рзы Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан. 1997 шықәса рзы Аҟәатәи абжьаратә школ №7 далганы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономика афакультет дҭалоит.

2002 - 2003 шықәсқәа рзы Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә отриад аҿы аррамаҵзура дахысуан.

2003 шықәса инаркны Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзураҟны аус иуан, 2011 шықәса раахыс еиуеиԥшым анапхгаратә усқәа инапы ианын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0