"Ҳазҭагылоу аамҭа мариаӡам, ижәбоит. Раԥхьа инаргыланы ауаа рацәажәара ҳгәы иҭоуп, ҳаҩнуҵҟатәи абиуџьет излалшо ала урҭ рыцхраара. Ҳусқәа рацәоуп, ауадаҩрақәа рацәоуп. Араион аҟны ҳаивагыланы, ҳаилибакаауа аус ҳуроуп. Аҿар иахьа рҽеидкыланы иҟоуп араион аҟны, ицхыраар рҭахуп", - иҳәеит Боџьгәуа.
Иара иазгәеиҭеит ақыҭақәа рхадацәа рыбжьара аԥхьаҟа аԥсахрақәа шыҟало.
"Сусура алҵшәа атәы сзыҳәаӡом, уи аамҭа иаҳнарбоит. Хымз, шықәсыбжак, шықәсык ҳәа иҟало сызҳәаӡом, аха иахьа Гәдоуҭа араион еиҿкааны иҳамоу иҵегьы иацаҳҵарц, иҳарԥшӡарц ауп дҵас, хықәкыс исымоу. Сгәаанагарала, аҳәаа аартхар, абиуџьет ахарҭәаара ҟалар, нас иаҳнарбоит, шықәсык аҟара аҭаххоит, иҟоу иацаҳҵоит, иагҳажьӡом", - иҳәеит Боџьгәуа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Гәдоуҭа ахада инапынҵақәа наигӡалоит Баграт Боџьгәуа