ЖәАА "Россия сегодня" аҳақьымцәа рыдгыларатә акциа хацнаркит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВрач-терапевт городской поликлиники № 25 города Краснодара
Врач-терапевт городской поликлиники № 25 города Краснодара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа ахықәкы – Урыстәыла аҩныҵҟа аҳақьымцәеи, амедицинатә усзуҩцәеи, аволонтиорцәеи рҭоурыхқәа иаку атематикатә портал аҿы реизгара амедиагәыԥ асаит ria.ru. аҟны.

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. ЖәАА "Россия сегодня" Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Аволонтиортә центрқәа р-Ассоциациеи алархәны ихацнаркит онлаин-акциа "Пожалуйста, дышите!".

"Ари аҿагылараҿы идырым хьӡык нымхароуп. Агәра згоит ажәлар реидгылара иахәҭоу аимпульс шыҟанаҵо, ишаарԥшхо иҭабуп ҳәа заҳәатәуи иҭабуп ҳәа зҳәоуи", - иҳәеит ЖәАА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов.

Апроект азырхәыцит акоронавирус аамҭазы ауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчаразы аԥхьатәи ацәаҳәаҿы игылоу ҭабуп ҳәа раҳәара алшаразы.

Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла 8 915 коронавирустә хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

"Апандемиа аамҭазы амедицинатә усзуҩцәа аԥхьатәи ацәаҳәаҿы игылеит. Ауаажәларра рҿы аҳақьымцәа, амедеҳәшьцәа, афельдшерцәа, асанитаркацәа, ацхыраара ласы аныҟәцаҩцәа аҳаҭыр ду рымоуп. Уажәшьҭарнахыс дарбанызаалак иоуеит алшара абарҭ ауаа рлагала атәы иҳәарц", - иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.

Аволонтиортә центрқәа рассоциациа ахеилак ахантәаҩы Артиом Метелиов иазгәеиҭеит "Россия сегодня" аус ацура ишалнаршо ауаа рацәа аволонтиорцәа рыӡбахә дырдырра.

"Еицымҩаԥааго акциа "Пожалуйста, дышите!" ауааԥсыра авирус иацәызыхьчо аволонтиорцәа-амедицинатә усзуҩцәа аҽазныкгьы ҭабуп ҳәа раҳәара алнаршоит. Иаҳнаҭоит алшара иаҳҳәарц #МыВместе", - иҳәоит Метелев.

Акциа партниор хадас иазыҟалеит Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра.

Акциа "Пожалуйста, дышите!" апортал аусура хацнаркуеит рашәара 8 рзы.

Араҟа ицәыргахоит апандемиа аамҭазтәи афырхацәа рфотосахьақәа, рҭоурыхқәа. Аҳақьымцәа, амедеҳәшьцәа, афельдшерцәа, асанитаркацәа, ацхыраара ласы аныҟәцаҩцәа рҭоурыхқәа еиҭазҳәар зҭаху аинформациа аарышьҭыр рылшоит аелектронтә ԥошьҭа breathe@rian.ru. ахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0