Какалиа: Аԥсны ақыҭанхамҩатә шәҟәҭаҩра хымԥада иаҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВспашка земель в селе Багмаран
Вспашка земель в селе Багмаран - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс анҵәамҭаз Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра аилак ҳәа иҟаҵан, аха 2020 шықәсазы еиҭах аминистрра астатус аиуит.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра иагәҭакуп адыррақәа рбаза арҿыцра. Уажәазы ашәҟәы иҭагалоу 33 нхаҩ-фермертә нхамҩоуп иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшраҿы апресс-конференциа мҩаԥызгоз Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр и.н. Амиран Какалиа.

"Аԥсны ақыҭанхамҩатә шәҟәҭаҩра хымԥада иаҭахуп. Зегьы ижәдыруеит Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра ацхыраара шаҳнаҭо. Ииасыз ашықәс азы Аԥсны ахьӡала иазоушьҭын хә-тоннак рҟынӡа амармалташьтә пты аҿагыларазы ахәшә, 130 қәҭәага. Сынтәа 4800 литра ахәшәи 120 қәҭәагеи ҳарҭараны иҟоуп", - иҳәеит аминистр.

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит Урыстәыла аминистрра ишанаҭо 117 миллион мааҭ аԥырхага ҟазҵо ахәаҷақәа рҿагыларазы.

Ииасыз ашықәс анҵәамҭаз Аԥсны ақыҭанхамҩаз аминистрра аилак ҳәа ииаган, уи даара ҳусура иаԥырхагахеит иҳәеит иара.

"Ареспулика аграртә, атуристтә хырхарҭа амоуп. Иахәҭоу зегь ҟаҵалатәуп аграртә сектор ашьҭыхразы", - иҳәеит Какалиа.

Ииасыз ашықәс анҵәамҭаз Аԥсны ақыҭанхамҩаз аминистрра аилак ҳәа ииагазар, 2020 шықәсаза мшаԥы 27 рзы еиҭах аминистрра астатус аиуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0