Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Арухаа аԥсуа жәлар рарҳәага рыҟаҵара иазкны
"Аԥсуа инструмент излауала аиқәырхара ҳаҿуп ҳәа сгәы иаанагоит. Уажәы ацех аргылара ҳаҿуп, убри аус ҳзыҟаҵар, аӡәык-ҩыџьак идсырбар сҭахуп уи иацу акәамаҵамарақәа зегьы. Сара сус дсырҵар сҭахуп уи азы агәаҳәара змоу ауаа, аха ус мчыла аӡәгьы дааумгозар, аԥсуа ҷкәын ихала дааины исҭахуп ҳәа иҳәараны дыҟаӡам. Исыдҵаало дҟалар, агәаԥхара изсыркуазар ҳәа сгәыӷуеит. Ахымаа, аҩымаа, ачамгәыр, аҿырпын, уҳәа иара ишақәнагоу ишьақәумыргылар, митәык абжьы ахылҵӡом. Ари схы аланыҟәызгоит ҳәа акәым сзаҿу, ус иагьыҟам, ари еиқәырхатәыс исыдушәа збоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Арухаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: