Акарантин нҵәеит: "Аиҭар" иҩназ акурсантцәа рҽыԥхьакра аамҭа хыркәшахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГостиница Айтар
Гостиница Айтар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь асанаториқәа руак аҿы еиҿкааз акарантинтә ҭыԥ аҟны рҽыԥхьакра рхыргеит 230 курсант. Дара зегьы акоронавирус рылоу ирыламу аилкааразы атестқәа ирхысит.

АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Аҟәатәи асанатори аҿы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵо акурсантцәа рҽыԥхьакра аамҭа хыркәшахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра асаит.

"Иахьазы апансионат "Аиҭар" аҿы Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу арратә ҵараиурҭақәа рыҟны аҵара зҵо аӡәгьы даанымхеит. Акурсантцәа ааԥынтәи рыԥсшьарамшқәа рҭаацәа рыгәҭа ирхыргоит", - ҳәа аарыцҳауеит аусбарҭаҟынтә.

Аԥсныҟа ихынҳәыз акурсантцәа рзы акарантин мҩаԥысуан лаҵара 1 инаркны 30 рҟынӡа.

Абри аамҭала аҳҭнықалақь асанаториқәа руак аҿы еиҿкааз акарантинтә ҭыԥ иахысит 230 курсант.

Заседание штаба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны анапхгара акурсантцәа рҵараиурҭақәа рахь рыхынҳәраҿ ирыцхраауеит

"Акурсантцәа зегьы анализқәа рзыҟаҵан. Уи иалҵшәаны 20-ҩык COVID-19 шрымаз аарԥшын. Дара зегьы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭан", - рҳәеит аминистрраҿы.

Лаҵара 28 рзы Аԥсны анапхгара акурсантцәа рҵараиурҭақәа рахь рыхынҳәраҿ ирыцхраауеит иҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аилатәараҿы.

Акурсантцәа Аԥсны рыҟазаара аҿҳәара рашәара 5-10 рзы инҵәоит. Аха дара Урыстәыла ҩымз аҽыԥхьакратә режим иахьахысызи Аԥсны акарантин иахьахысызи Атәылахьчара аминистрра Урыстәыла Атәылахьчара аминистррахь аҳәаратә шәҟәы архиеит урҭ маҷк ихьшәаны аҵараиурҭақәа рахь инеирц, хаҭала иаҳҳәозар, рашәарамза анҵәамҭазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Кәыҵниа: Аԥсныҟа иаауа акурсантцәа ргәырҽанҵоуп, ахыԥхьакырҭаҿы аԥҟара еиларгар, ишыҭцахо
  • Аҽыԥхьакраҿы иҟоу акурсантцәа алеишәа аилагаразы рҵараиурҭақәа ирҭырцар алшоит

Ажәабжьқәа зегьы
0