Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡԥҳа акультура аҳәынҭқарратә ҵараиурҭа онлаин аусуразы: макьана ҳазхиамзар ҟалап

© Sputnik / Томас ТхайцукСира Авидзба
Сира Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ачымазара ҿкы аламырҵәаразы атәылаҟны иалагалаз аԥкрақәа рҵарауирҭа аусура ишаныԥшыз атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҩӡԥҳа Акультура аҳәынҭқарратә ҵараиурҭа аусура иазкны

"Уажәшьҭа хымз иназынаԥшуа аҵара аангыланы иҟоуп, егьырҭ аҵараиурҭақәа рҟны еиԥш. Излаҳалшоз ала онлаин аҵара аԥшьаҳгеит, аха уи жәлар ринструменқәа, ахореографиа рҟны аума даара иуадаҩуп. Ақыҭақәа рҟынтәи иааз ҳастудентцәа ишахәҭоу техникала еиқәшәам ыҟоуп, уи алҵшәа даара имаҷуп, ус еиԥш аҵара макьаназы ҳазыҟаҵамзар ҟалап", - лҳәеит Аҩӡԥҳа.

Лара адырра ҟалҵеит Акультура аминистрраҟны аилацәажәара шымҩаԥырго аҵарашықәс ахыркәшара инадҳәаланы.

"Актәи, аҩбатәи акурсқәа ирымаз ахәшьарақәа рыла азеиԥш хәшьара рыҭаны, егьырҭ аушьҭымҭацәа рԥышәарақәа излауала еиҿкааны абри амза иалагӡаны имҩаԥаҳгарц, иалҳаргап ҳәа ауп", -лҳәеит лара.

Убри аан иазгәалҭеит аҵараиурҭа астудентцәа изхысраны иҟаз апрограмма ахарҭәаара шыуадаҩхо.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0