Атест-система ҿыцқәеи аҳәаа агәаҭареи: Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМост на реке Ингур, соединяющий Грузию с Абхазией. Архивное фото.
Мост на реке Ингур, соединяющий Грузию с Абхазией. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, лаҵара 26 инаркны рашәара 1 аҟынӡа ареспубликахь ихынҳәит 532-ҩык ауааԥсыра, акарантин аамҭазы Қырҭтәыла иҟаз.

АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсныҟа иаагоуп 4400 тест-система ҿыц, амедусзуҩцәа лаҵара 26 инаркны рашәара 1 аҟынӡа ареспубликахь ихынҳәыз 532-ҩык ауааԥсыра, акарантин аамҭаз Қырҭтәыла иҟаз рыхәҭак гәарҭахьеит ҳәа еиҭалҳәеит асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АШәМ: Егрытәи аҳәаа аркуп рашәара 1 инаркны

"Егрытәи аҳәаа иахысыз зегьы рганахьала ашәҟәқәа шьақәыргылоуп, игоуп ранализқәа авирусологиатә лабораториахь инашьҭу. Иахьатәи аамҭазы акоронавирус аӡәгьы имам", - лҳәеит Скорик.

Убри аан заҟаҩы гәарҭахьоу рхыԥхьаӡара лара иазгәалымҭеит.

Скорик иара убасгьы илҳәеит ареспубликахь иҭалаз ауаа аҽыԥхьакра арежим ишахысуа. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа дара амедицинатә бжьагарақәа ишрықәныҟәо гәарҭоит. Скорик лажәақәа рыла, СЕС макьаназ дыррак амам иааз атәылауаа ари арежим еиларгоит ҳәа.

Скорик иара убасгьы дрылацәажәеит ԥхьаҟатәи азԥхьагәаҭарақәа.

"Азыԥхьагәаҭарақәа шьахәуп. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи илааҩаауеит занализқәа шьақәгылоу ауаа. Уа уажәы зынӡа хҩык роуп иҟоу. Ҳашцац ҳцозар, зегь маншәалахоит", - лҳәеит Скорик.

Лара ааԥхьара ҟалҵеит ауааԥсыра амассатә уснагӡатәқәа рыҽрыцәхьаркларц.

Лаҵара 26 инаркны рашәара 1 аҟынӡа ареспубликахь ихынҳәит 532-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, мшаԥы 14 аахыс акарантин аамҭаз Қырҭтәыла иҟаз. Рашәара 1 азы аҳәаа еиҭаркхеит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыҳьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0