Аԥсны АШәМ: Егрытәи аҳәаа аркуп рашәара 1 инаркны

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный пункт "Ингур" в Гальском районе Абхазии
Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 26 раахыс Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аартын. Акоронавирус ацәшәаразы иаркыз аҳәаа анаадырт ашьҭахь уи иахысит 532-ҩык.

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аркызаауеит рашәара 1 инаркны ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзураҿы.

Аусбарҭа апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит лаҵара 26 раахыс аҳәаа шаартыз акарантин иахҟьаны Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа аара злымшоз ареспублика ауааԥсыра ралалара алыршаразы. Абри аамҭа иалагӡаны аҩныҟа ихынҳәит 532-ҩык ауааԥсыра.

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа адыркит хәажәкыра 14 рзы усҟан атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба идҵала.

Уаанӡа ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик илҳәеит аҳәаа иахысны ареспубликахь иҭало ауаа ишырԥыло аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи усзуҩцәа, СЕС аҟазауаа, Галтәи ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0