Аԥсны аҿиаразы аинвестициатә программа 2020 шықәсазы еиҵахаӡом

© SputnikФлаги
Флаги  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны афинанстә цхыраара еиҵанатәуам ахатә биуџьет аркьаҿрақәа шаланагалазгьы.

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа 2020 шықәсазы еиҵахаӡом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Апарламент адепутатцәа данырԥылоз.

"Аҵыхәтәантәи мызки бжаки рыҩныҵҟа сара ҩынтә Москваҟа сцеит. Актәи аныҟәара аԥыза-министри сареи еицымҩаԥаагеит, аҩбатәи аныҟәара иалахәын афинансқәеи аекономикеи рминистрцәа. Урыстәылатәи агани ҳареи ҳаилацәажәеит аинвестпрограмма ахышәа-ҵышәа ишагымхо азы. Уи анаҩсгьы зыргылара хыркәшам аобиектқәагьы рыргылара ари ашықәс ахь ииаганы ихыркәшахоит. Ԥарала ари 400 миллион мааҭ артәоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны зныкгьы инхарҭәааны Аинвестициатә программа шазынамыгӡаз. Уажәы уи анализ азыҟаҳҵоит иҳәеит иара. Иҟалоит сынтәагьы аобиективтә мзызқәа ирхырҟьаны иалмыршахар. Бжьаниа игәаанагарала, амзызқәа иреиуоуп апроектқәа рысмета ииашоу аекспертиза азура ахьыҟам. Уи Урыстәылоуп иахьыҟарҵо, аамҭеи аԥареи рацәаны иаҭахуп.

Монета номиналом 1 рубль и банкноты номиналом 2000 рублей и 5000 рублей. - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа: COVID-19 иахҟьаны Аԥсны иаиуз ацәыӡқәа Урыстәыла иханарҭәаауеит

Абри инадҳәаланы Урыстәыла ахадара ақәшаҳаҭхеит аекспертиза атехникатә план ала иуадаҩу аобиектқәа мацара рзыҟаҵара.

2021 шықәса рынахыс абри аҩыза аусура Аԥсны имҩаԥгахалоит.

Бжьаниа иҳәеит ареспублика 2020 шықәсазтәи аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа рашәара 30 рҟынӡа иазнархиар шакәу.

"Ҳара иҟаҳҵарц иаҳҭаху ҳәаны уи азы аԥара заҟа ҳҭаххо шьақәҳаргылароуп. Агха ҟалар ҳара ҳрепутациоуп аԥырхага зауа. Аекономикеи афинансқәеи рминистррақәа абри аус рнапы алакуп уажәазы. Сгәыӷуеит еилагара дук ҟаларым ҳәа", - иҳәеит ахада.

Урыстәыла Аԥсны ацхраара еиҵанамтәит, уи акәым Аинвестпрограммала иаарышьҭуа ацхыраара ацҵара азҵаара алацәажәарагьы ҟалоит ҳәа иҳәеит Бжьаниа. Асеиԥш азыҟазаашьа аҭакгьы иашаны иаҭахуп ҳәа ишьоит иара.

Бжьаниа иара убасгьы далацәажәеит Ԥсоу иаԥну аҳәаа аркра азҵаара. Акоронавирус иахҟьаз аԥкрақәа ареспублика ауааԥсыра ирнырит, аиҳаракгьы аҳәаанырцә ахәышәтәра зҭаху ауаа.

Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, иара Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин ихьӡала аҳәаратә шәҟәы азирхиеит арҭ рҩызцәа атәылауаа ԥынгылада урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿы ацхыраара роуларц.

Бжьаниа амчыбжь анҵәамҭаз Мишустин аҭел дизасраны дыҟоуп азҵаара аӡбшьазы.

Ахада иҳәеит Москваҟа Аиааира 75-шықәса ахыҵра амшныҳәа азгәаҭарахь дышнаԥхьоу. Убасҟантәи аныҟәарақәа рҳәаа иҭагӡаны ишышьақәыргылахо Аинвестициатә программа иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы рыӡбра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0