Мираб Кьышьмариа Атәылахьчара аминистр иабжьагаҩ хадас дҟаҵоуп

Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа аминистрра аилазаарахь дицнеиит Атәылахьчара аминистр ҿыц аинрал-полковник Владимир Ануа.

АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Уаанӡа министрс иҟаз Мираб Кьышьмариа Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа иабжьагаҩ хадас дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аминистр ҿыц аилазаара данрыдигалоз Аслан Бжьаниа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит министрк иҳасаб ала Кьышьмариа иусура.

"Мираб Борис-иԥа ихьӡ ҳарратә мчқәа рҭоурых аҿы хьтәы нбанла иарбахоит. Ари иашоуп. Сгәыӷуеит ԥхьаҟагьы ҳарратә мчрақәа ҳрылаҽхәо ҳҟалап ҳәа", - иҳәеит атәыла ахада.

Аслан Бжьаниа агәрагара ааирԥшит Ануа инапхгарала ишацҵахо, ишеизырҳахо арратә мчрақәа рҿы зышьаҭа шьҭаҵоу алагамҭақәа, ишырӷәӷәахо арратә леишәа.

Мираб Кьышьмариа Александр Невски иорден ианаршьеит - Sputnik Аҧсны
Мираб Кьышьмариа Александр Невски иорден ианаршьеит

"Шәара зегьы ибзианы дыжәдыруеит. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа зегьы Атәылахьчара аминистрраҿы еиуеиԥшым аҭыԥ ҳаракқәа дырхагылан", - иҳәеит Бжьаниа, иагьаҵишьит 1992-93 шықәсқәа рзтәи Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра Владимир Ануа профессиналтә аруаҩны дшыҟанаҵаз.

Ахада Мираб Кьышьмариа иуалԥшьақәа рынагӡаразы ианеишьеит Агәымшәараз аорден.

Аминистрра аилазаара рҿаԥхьа дықәгыло иара иҳәеит аԥсуа ар ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарра ишақәлоу. Хыҵхырҭас ишазыҟоу "аԥсуа гвардиа" ҳәа изышьҭаз аҩныҵҟатәи ар рполк.

Ар реиҿкаареи уи анапхгаратә усбарҭақәа - аштаб хадеи аминистрреи рышьақәыргылара аибашьра аамҭақәа раан имҩаԥысуан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥсны Атәылахьчара аминистр ҿыц даҭоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0