Акәасқьа ақыҭа анхаҩы ауаҩшьра далахәуп ҳәа агәҩара ыҟоуп

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтендовая стрельба. Чемпионат мира. Смешанные команды. Трап
Стендовая стрельба. Чемпионат мира. Смешанные команды. Трап - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион ауаҩԥсы ииасны ицоз автомашьына данеихсуаз ауаҩы дишьит ҳәа агәҩарала даанкылоуп.

АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Очамчыра араион ауаҩԥсы иганахь ала ашьаус хацыркуп "мбжьахрыла ауаҩшьразы" ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рыпресс-маҵзура ишаанацҳауала, ахҭыс аҭыԥ аман лаҵара 30 рзы.

"Очамчыра араион Акәасқьа ақыҭан инхо Енвер Ферызба ижәны амҩаду ахь дцәырҵит. Ииасны ицоз автомашьына деихсит иикыз абџьар ала. Амашьына апассаџьыр, Тҟәарчал ақалақь аҿы инхоз ауаҩԥсы аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит. Амашьына аԥсҟы зкыз аиҭахысра дацәшәаны дышнеиуаз абџьар зкыз ауаҩы дисит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ферызба амашьына аниааха ашьҭахь ахәышәтәырҭахь днаган, уажәы иара даанкылоуп.

Аҭыԥ аҿы иԥшаан 12 калибр змоу ашәақь. Ферызба иганахь ала аусҭҵаара нап анаркит Очамчыра араион апрокуратура.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0