Алмасхан Барцыц депутатс дықәзыргыло агәыԥ Аԥсны АКХ аҿы ашәҟәы иҭарҩит

© Sputnik ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь депутатс Пицундатәи ахәышәтәырҭа аҳақьым Алмасхан Барцыц дықәзыргыло агәыԥ Аԥсны АКХ аҿы ашәҟәы иҭарҩит.

АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны ашәҟәы иҭарҩит Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь Барцыц Алмасхан Едуард-иԥа кандидатс иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АКХ.

Алмасхан Барцыц диит 1982 шықәса рзы, дынхоит Пицунда.

Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа

Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет амедицинатә факультет далгеит, нас Сеченов ихьӡ зху Москватәи амедицинатә академиаҿ аинтернатура далгеит абарҭ ахырхарҭақәа рыла: "Ахирургиа", "Аурологиа".

2011 - 2019 шш. рзы аус иуан Пицундатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҳақьым-урологс, аҳақьым хадас.

Иахьатәи аамҭазы Пицундатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҟны ҳақьым-урологуп.

2016 шықәса раахыс Гагра араион Ақалақьтә еизара адепутат, Агәабзиарахьчареи асоциалтә политикеи рзы акомиссиа ахантәаҩы.

Рашәара 5 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны ашәҟәы иҭарҩит Оҭҳаратәи алхратә ҭыԥ хада №14 аҟнытә Жәлар Реизара адепутатрахь Габлиа Робесҭан Иван-иԥа кандидатс иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ.

Уаанӡа Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҟны ашәҟәы иҭарҩит Кындыӷтәи алхратә ҭыԥ хада №31 аҟнытә Жәлар реизара адепутатрахь Аидар Кәыҵниа, Гарри Кокаиа, Џьансыхә Адлеиба кандидатс рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа.

Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 ала ашәҟәы иҭагалоуп Асҭамыр Ахбеи Алхас Ҳагбеи, Бзыԥтәи алхратә ҭыԥ хада № 10 – Ҭамаз Леибеи Ҭемыр Беиеи рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа.

АКХ аҟны адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба ҭарҩит>>

Апартиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи рҭаҩра мҩаԥысуеит рашәара 12 рҟынӡа. Акандидатцәа рҭаҩра иалагоит рашәара 12 инаркны ихыркәшахоит алхрақәа жәамш шрыгу.

Аԥсны алхратә комиссиа хада ԥхынгәы 12 аҽны иҭацәыз адепутаттә ҭыԥқәа рахь алхрақәа рымҩаԥгара ҿҳәарас ишьақәнаргылеит.

Азакәанԥҵаратә мчраҿы амандатқәа ԥшьба ҭацәуп, атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0