Аԥсны АКХ иҭацәыз адепутаттә ҭыԥқәа рахь алхрақәа мҩаԥнагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВ Парламенте Абхазии проходит совещание по вопросу переноса президентских выборов на 25 августа
В Парламенте Абхазии проходит совещание по вопросу переноса президентских выборов на 25 августа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азакәанԥҵаратә мчраҿы амандатқәа ԥшьба ҭацәуп: Аслан Бжьаниа, Александр Анқәаб, Дмитри Дбар, Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны алхратә комиссиа хада ԥхынгәы 12 аҽны иҭацәыз адепутаттә ҭыԥқәа рахь алхрақәа рымҩаԥгара ҿҳәарас ишьақәнаргылеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Парламент  - Sputnik Аҧсны
Адепутатцәа Бжьаниа, Анқәаб, Дбар, Хагәышь рнапынҵақәа шьҭарҵеит

"Адепутатцәа ралхразы" азакәан ахәҭаҷ 37 инақәыршәани адепутатцәа ԥшьҩык раамҭа аанӡа рнапынҵақәа ахьыхдыркәшази инарымаданы иахьа ҳара аиҭалхрақәа рыҿҳәара арыцхә шьақәҳаргылеит", - ҳәа иҳәеит Гогьиа.

Аԥсны АКХ ахантәаҩы иазгәеиҭеит аусурақәа рымзартә план шышьақәыргылоу. Аминистрцәа реилазаара ажәадгала азыҟаиҵеит алхрақәа рысмета аус адыруларц. Иара убасгьы ишьақәырӷәӷәоуп акандидатцәа рҭаҩрази алхрақәа рымҩаԥгарази иахәҭаны иҟоу адокументқәа.

Алхрақәа мҩаԥысуеит:

  • Кындыӷтәи алхырҭатә округ №31,
  • Гәдоуҭатәи алхырҭатә округ №18,
  • Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10,
  • Оҭҳаратәи алхырҭатә округ №14.

Азакәанԥҵаратә мчраҿы амандатқәа ԥшьба ҭацәуп, уаанӡатәи атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

Лаҵара 4 рзы дара зегьы рнанпынҵақәа аанрыжьит.

Аԥсны Апарламент адепутатс дҟалар илшоит дарбанызаалак 25 шықәса ирҭысхьоу,  алхратә зин змоу атәылауаҩ. Депутатс иҟалар ҟалом зус рыӡбахьоу, аҩыжәреи, арыҩшьыгақәеи зыҽрыдызцало ҳәа ишьоу, аԥсихикатә шьақәҟьара змоу. Абжьыҭара азин ырмоуп 18 шықәса ирҭысхьоу атәылауаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0