Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барганџьиа аԥхасҭа узҭо амаҵақәа рҿагылара иазкны: ахәшәқәа рзы уадаҩра ҟалом

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Барганджия
Эдуард Барганджия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит ахәаҷамаҷқәа рҿагыларазы аԥхьатәи ахәшәтәра зламҩаԥыргаша араионқәа рқыҭанхамҩатә ҟәшақәа ирызшоуп ҳәа.
Барганџьиа ахәаҷамаҷакәа рҿагылара иазкны: ахәшәқәа рзы уадаҩра ҟалом

"Ақыҭанхамҩа аминистрраҟынтәи ахәшәқәа араионқәа зегьы ираҳҭеит. Уажәааны амармалташьтә пты ацәырҵра иалагоит. Иаагозар, араионқәа абас ирзеихаҳшеит: Гагра - 100 литрак, Гәдоуҭа - 700, Аҟәа - 160, Гәылрыԥшь - 1200, Очамчыра - 140, Тҟәарчал - 900, Гал - 1600 литра. Апальмақәа рыхәшәтәразы ақыҭанхамҩатә институт 100 литрак раҳҭеит, аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы - 500 литра уҳәа. Иааизакны иуԥхьаӡозар еихаҳшаз ахәшәқәа 6 нызқьи 400 литра рҟынӡа инаӡоит. Ари уажәы аԥхьатәи аҿагыларазы ирызхоит. Иҵегьы ҳара ҳазыԥшуп Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрраҟынтәи ацхыраара, иҳауроуп ахәшәқәа. Урҭ ақыҭақәа еихшаны ирырҭароуп араионқәа рыҟны иҟоу ақыҭанхамҩатә ҟәшақәа. Аҭыԥ аҟны иазҿлымҳаны ианаамҭоу анхацәа ирзыршароуп. Аминистрраҟынтәи убӷа икыдуҵо ахәшә ақәҭәагақәа сынтәа араионқәа ираҳҭеит 106 цыра. Ахәшәқәа ршараан иара (аԥхасҭа ҟазҵо амаҵа - аред.) иаҳа иахьҿио ҳәа ҳасаб азун. Ҵыԥх акәзар, араионқәа рҟынтәи иҳадаҳкылаз амармалташьтә пты 5 тоннаки 400 кьыла рҟынӡа ыҟан", - ҳәа азгәеиҭеит Барганџьиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0