Бырзентәыла Атәылахьчара аминистрра Ҭырқәтәылеи иареи реибашьра ишазыхиоу аҳәеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация с беженцами на границе Греции с Турцией
Ситуация с беженцами на границе Греции с Турцией - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мышқәак раԥхьа Ҭырқәтәыла аиҳабыра ргазеҭ аҿы аҳәамҭа ҟаҵан абырзен дгьылбжьахақәа рааигәара арацәаӡри аҟазаара аҭҵаареи аҵхреи рзы азин ҷыда аиуразы азыҳәа ҟаҵоуп ҳәа.

АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Бырзентәыла Атәылахьчара аминистр Никос Панаиотопулос аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла асуверентә зинқәа рыхьчаразы бџьаршьҭыхла аҿагылара ишазыхиоу.

"Аҵыхәтәантәи аамаҭқәа рзы Ҭырқәтәыла ахымҩаԥгашьа агрессиа аҵоуп. Сара исыԥхьаӡоит Ҭырқәтәыла ахымҩаԥгашьа арҭынчразы ганкахьала иҟоу адипломатиатә лшарақәа зегьы ахархәара рыҭатәуп, даҽа ганкахьала арратә мчра ахы иархәатәуп", - иҳәеит иара, ателеканал Star аинтервиу аҭо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Афины, Греция, флаг - Sputnik Аҧсны
Бырзентәыла азеиԥш қәгыларақәа ирылагеит

Ателеканал ажурналист изҵаара "Иазыхиоума Бырзентәыла бџьаршьҭыхла аимак аҭыԥ ақәҵара?" Панаиотопулос аҭак аиҭеит "Иазыхиоуп" ҳәа.

"Ҳара аҭагылазаашьа аиҭакра ҳазыхиоуп. Арбџьармчқәа рхархәарагьы абрахь иналаҵаны. Усеиԥш ҳҭахым, аха ҳзинқәа рыхьчаразы уаҳа аҽак аанымхозар, ҳахиоуп", - иҳәеит аминистр.

Мышқәак раԥхьа Ҭырқәтәыла аиҳабыра ргазеҭ аҿы иҟаҵан аҳәамҭа абырзен дгьылбжьахақәа рааигәара арацәаӡри аҟазаара аҭҵаареи аҵхреи рзы азин ҷыда аиуразы азыҳәа ҟаҵоуп ҳәа.

Бырзентәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Никос Дендиас ашәахьаҽны аҳәамҭа ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла Бырзентәыла асуверентә зинқәа амнахырц агәы иҭоуп ҳәа. Ари провокациоуп ҳәагьы ахиҳәааит.

Аганқәа рыбжьара аибарххара ҟалеит жәабранмза анҵәамҭазы. Усҟан Ҭырқәтәыла аҳәамҭа ҟаанҵеит Идлибтәи амигрантцәа шазаанымкыло азы, Евроеидгылеи иареи рҳәаа аанартит. Зықьҩыла ахҵәацәа Бырзентәылаҟа идәықәлеит.

Афины аҭакс аҳәаақәа анаркит. Ҭырқәтәылеи Бырзентәылеи рҳәаа 190 километра иреиҳауп.

Бырзентәыла Османтәи аимпериаҟынтә ахьыԥшымра аиуит 1821 шықәса рзы. Уи аахыс бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа ԥшьынтә аҭыԥ рыман: 1897 шықәса рзы, Актәи Балкантәи аибашьраан, Актәи адунеизегьтәи еибашьраан, 1919—1922 шықәсазы аҭырқә-абырзен еибашьраан.

Ажәабжьқәа зегьы
0