Бжьаниа: Аԥсны имҵарсыз ауаа роушьҭразы ацәгьоуцәа миллиардк инацны иазыҳәахьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа абизнес ахаҭранкцәеи амчратә усбарҭақәа уажәтәии уаанӡатәии реиҳабацәеи дырԥылеит.

АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла анаплакыҩцәеи амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи рԥылараан адырра ҟаиҵеит Аԥсны ауаа мҵазырсуаз ацәгьоуцәа шасыс иргаз роужьразы иааидкыланы миллиард мааҭ инареиҳаны ишазыҳәоз, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура

Аиԥылараан Бжьаниа иҳәеит ауаажәлари аҳәынҭқарреи ацәгьоурақәа рацәыхьчаразы уаанӡа иаҳамбацыз ашьаҿақәа рынагӡаразы аамҭа шааиз.

"Ацәгьоурақәа уаҩы ишимбац ирызҳаит, ари апроблема аӡбаразы ҳамчқәа зегь еидаҳҵароуп. Абри аус аҟны даара ҳшәықәгәыӷуеит", - иҳәеит Аслан Бжьаниа, анаплакыҩцәа рахь ихы нарханы.

Убри аан ахада иазгәеиҭеит атәыла аиҳабыра ибзианы ишеилнакаауа абизнес ала мацара апроблемақәа зегьы рыӡбара шалымшо.

Бжьаниа иҳәеит зегьы раԥхьа игылоу азакәанқәа рықәныҟәареи ауааԥсыра ршәарҭадара алыршареи шракәу.

"Аҳәынҭқарра, раԥхьаӡа иргыланы, уи азин ауп", - иҳәеит ахада. 

Аслан Бжьаниа: Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа миллиард мааҭла зыхә тәо аалыҵ цоит>>

Атәыла ахада дырзааҭгылеит абизнесгьы злахәхар алшо игәҭакқәак ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура. 

Бжьаниа иара убасгьы ауааԥсыра рымҵарсрақәа рзы иҟоу астатистика азеиԥш хыԥхьаӡарақәа ааигеит.

"Ҷыдала иаагозар, азинхьчаратә усбарҭақәа иҟарҵаз аинформациала, имҵадырсыз Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа 53-ҩык роушьҭразы ацәгьоуцәа ззыҳәаз аԥара иартәоит миллиард мааҭк инацны, урҭ рахьтә иршәаз 200 миллион мааҭ инареиҳауп", - ҳәа иарбоу ахада исаит аҟны иӡыргоу адырраҭараҟны.

Атәыла ахада иара убасгьы анаплакыҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит апандемиа аамҭазы Аԥсны атәылауаа ирзыҟарҵаз ацхырааразы.

"Ҳара зегьы ҳзы, ҷыдала сара схаҭа сызгьы, даара игәышьҭыхгахеит шәара шәаӡәыкны ҳзеиԥш проблема шәахьахаҵгылаз. Акоронавирус азҵаара даара иуадаҩуп, хымԥада, уи ахҟьаԥҟьақәа анырра бааԥс ҟарымҵар алшом. Аха, Анцәа имч ала, ҳара ари аҭагылазаашьа алҵшьа ҳақәшәоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0