МАУ адунеитә университетқәа иреиӷьу аҵараиурҭақәа рреитинг иаҵанакит

© Sputnik / Mikhail Voskresenskiy / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВелосипедист на фоне цветущих деревьев у здания МГУ в Москве
Велосипедист на фоне цветущих деревьев у здания МГУ в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
CWUR аверсиала иреиӷьу аҵараиурҭақәа рреитинг ахәшьара арҭоит аҵара ахаҭабзиарала, аушьҭымҭацәа аусураҭхь рыдкыларала, иара убасгьы аҭҵаарадырратә усуразы.

АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ауниверситетқәа адунеизегьтәи рреитинг Ацентр (CWUR) аверсиала иреиӷьу аҵараиурҭақәа реиқәыԥхьаӡа иалашәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

МГУ - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи ауниверситетқәа адунеи иреиӷьқәоу рреитинг иаҵанакит

"Урыстәылатәи ауниверситетқәеи аҭҵаарадырратә институтқәеи 46 сынтәа 2000 университет реиқәыԥхьаӡа иалалеит CWUR аӡбрала. МАУ 29 пункт ихаланы 193-тәи аҭыԥ ннакылеит", - ҳәа еиҭарҳәоит аиҿкааҩцәа.

МАУ арбагақәа еиӷьнатәит абарҭ акатегориақәа рҿы: "аушьҭымҭацәа рҭахызаара", "аҭҵаарадырратә усура".

Жә-шықәса рыҩныҵҟа Гарвардтәи ауниверситет аԥыжәара амоуп быжьба рҟынтәи ф-рбагак рыла.

2019 шықәса рзы Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет 38-тәи аҭыԥ нкыланы иреиӷьу адунеитә ҵараиурҭақәа 40 ирылахәхеит World Reputation Rankings 2019 Times Higher Education (THE) ареитинг ала.

Урыстәыла аҵараиурҭақәа 14 адунеи ауниверситетқәа U.S. News Best Global Universities 2019 рреитинг иалахәылахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0