Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҷԥҳа: Германиа акоронавирус аҟнытә мчылатәи алаҵа алагалахар, аҿагылара ӷәӷәа цәырнагоит

© Foto / предоставлено Хиблой АмичбаХибла Амичба
Хибла Амичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уи атәылаҿы акоронавирус аламырҵәаразы иаԥҵаз аԥҟарақәа рырԥсыҿра аус шцо атәы.
Амҷԥҳа: Германиа акоронавирус аҟнытә мчылатәи алаҵа алагалахар, аҿагылара ӷәӷәа цәырнагоит

"Иҟаз аԥҟарақәа рырԥсыҽра иаҿуп, избанзар аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхеит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ақалақьқәа рыҩнуҵҟа аиҭанеи-ааира ҟалоит. 50-ҩык рҟынӡа аизарақәа рымҩаԥгара азин ыҟоуп. Лаҵарамза 15 инакрны 26 ҳәынҭқарра рыбжьара аныҟәара алыршоуп. Егьырҭ атәылақәа рзы аԥҟарақәа макьана ирыдрымкылац, аха иақәгәыӷуеит уахьгьы азин ҟалап ҳәа. Германиа иаҳхысыз амчыбжь азы еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы имҩаԥысит амитингқәа, урҭ акоронавирус азы алаҵа иаҿагылоуп, аха аҳәынҭқарра имҩаԥнаго ацәаҳәа иадгылоу иаҳа ирацәаҩуп. Урҭ ирыдыркыло аԥҟарақәа акороновирус азы алаҵа аԥшаара ада ԥсыхәа шыҟам атәы рҳәоит. Убри аан мчыла ари алаҵа аӡәгьы изыҟарҵом, избанзар мчылатәи алаҵа ажәлар рыбжьара аҿагылара ӷәӷәа аиур алшоит", – ҳәа еиҭалҳәеит Амҷԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0