Урыстәыла Абанк аҿы иалацәажәеит атәыла аекономика анеиҭашьақәгыло атәы

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМонеты номиналом один рубль.
Монеты номиналом один рубль. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациеи даҽа тәылақәаки апандемиа ашьҭахь ирласны рекономика шьақәгылар ҟалоит ҳәа адыррақәа рымоуп.

АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Урыстәыла аекономика ашықәс аԥшьбаракқәак рышьҭахь ишьақәгылар алшоит лҳәеит Урыстәыла Абанк ахада Ельвира Набиуллина, абри атәы аҩуеит РИА Новости.

"Ҳара зегьы ибзианы еилаҳкаауеит аепидемиа ахҟьаԥҟьақәа иаразнакы рҭыԥ ишықәымло. Акоронавирус аекономикеи афинанстә системеи зықәныҟәоз амҩақәа ирнахеит. Ҳара уажәшьҭа маҷк аоптимизмра ҳаманы уаҵәтәи амш ҳазыԥшуеит. Регионқәак рҿы иҳарԥсыҽит аԥкырақәа. Аусура иалагеит анаплакқәа, ахәаахәҭара, амаҵзурақәа. Ҳахәшьарақәа рыла макьана ԥшьбаракқәак аҭаххоит аиҭашьақәгыларазы", - лҳәеит Аҳәынҭқарратә Дума аилатәараҿы Набиулина.

Адунеии аекономикеи ринститут (IEP) аекспертцәа ргәаанагарала, идуум аҳәынҭуал, аусурҭамамзаара алаҟәра, иҳаракым ашәахтәқәа, адунеитә хәаахәҭра имаҷны иахьахьыԥшу - абри зегьы иармариоит Урыстәыла, Китаи, Мексика, Австралиа, Индонезиа ирласны реиҭашьақәгылара.

Иахьазы Урыстәыла авирус рыдбалоуп 493 657-ҩык, 85 регион рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0