Рауль Барцба дааныркылеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа

© Sputnik Табылды Кадырбеков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКлюч в наручниках
Ключ в наручниках - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 11 рзы Гәдоуҭа араионтә ӡбарҭа Рауль Барцба ахара идуп ҳәа иазханаҵеит Аԥсны административтә зинеилгарақәа реидкыла ахәҭаҷ "Ахулиганра маҷ"  ала.

АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Рауль Барцба дааныркылеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рашәара 9 рзы Гәдоуҭа имҩаԥыргоз апрофилактикатә уснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны ҳәа адырра ҟанаҵоит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Наручники  - Sputnik Аҧсны
Аҟәа аԥшаҳәаҿы хҩык ауаа рышьра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу даанкылоуп

Апресс-маҵзура адыррала, Гәдоуҭа араионтә ӡбарҭа азинеилагаҩ иганахьала административтә хьырхәрас иалнахит ахараԥса иқәҵара.

Иаарту ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала, Рауль Барцба – "ахыԥша змоу ӷьычуп", акриминалтә дунеи аҟны Пыза ҳәа дырдыруеит.

Иаҳхысыз ашықәс абҵарамзазы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иршьыз Асҭамыр Шамбеи Алхас Аҩӡбеи Барцба иқәиргылаз ракәын.

Аҭыжьымҭа "Прайм крайм" ишаҳәо ала, Шамбеи Аҩӡбеи, Барцба рхаҿы днаргыланы, изныкымкәа Аԥсны акриминалуааи дареи аимакқәа роухьан.

Аҟәатәи аҭхаџьырҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа иҟаз ахысра аҵыхәала иаанкылоуп хәҩык агәҩара ззыҟоу ауаа. Усҟан Аҩӡбеи Шамбеи рынахысгьы лыԥсҭазаара далҵит ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа.

Лаҵарамза 29 рзы даанкылан изышьҭаз Ерик Ҷкадуа, уаанӡа абри аус аганахьала иаанкылан Дато Ахалаиа, Демур Ахалаиа, Аслан Блабба, Беслан Бганба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0