Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәԥҳа агәыхьи ашьада чымазареи змоу рзы: ашоурақәа раан иаҳа ашәарҭара иҭагылоуп

© Sputnik Томас ТхайцукНевролог Ирина Ашуба.
Невролог Ирина Ашуба.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә аклиникатә хәышәтәырҭа аневролгиа аҟәша аиҳабы Ирина Ашәԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашьақәыӷәӷәареи ашьада чымазареи змоу ауаа аԥхынтәи ашоурақәа шырныԥшуа.
Ашәԥҳа агәыхьи ашьада чмазара змоуи рзы: ашоурақәа раан иаҳа ашәарҭара иҭагылоуп

"Агәыхь ашьада чымазара змоу 60-70 шықәса ирҭысхьоу роуп аиҳарак. Иҟоуп 40 шықәса еиҵаны изхыҵуагьы анычмазаҩу, абшьҭрала ачымазара зыхьуа. Ус еиԥш иҟоу ирдыруеит рчымазара, ахәшәқәа еснагь иржәлароуп, аҳақьым идҵаалароуп, рыхәшәқәа ашәагаа иацҵатәу иагырхатәу еилыркаалароуп. Ашоурақәа раан дара аинфаркти адабла чмазарақәеи иаҳа ирызшәарҭаны иҟалоит. Арҭ амшқәа рзы иаалырҟьаны ашоурақәа ҟалеит. Уи иаразнак иаҳныԥшит ахәшәтәырҭаҟны, ачымазцәа рацәаны иаауа иалагеит. Аԥсшьарамшқәа рзы ҽнакала анерв аҟәшахьы хәҩык ачымазцәа иаразнак инанагеит, акардиологиа аҟәшахьы - фҩык. Урҭ зегьы ашоурақәеи амагниттә фырҭын ҳәа ззырҳәои ирыхҟьаны ргәабзиара еиҭасит: ршьақәыӷәӷәара ҳаракхеит, ргәеисра аҽаԥсахит. Ачымазцәа имаҷымкәа адабла рысит", - ҳәа азгәалҭеит Ашәԥҳа.

Лара еиҭалҳәеит убасгьы ас еиԥш ачымазцәа рзы иаҳа ишәарҭоу ақәра, ахәышәтәраан иаҳа аџьабаа рацәа зыдбалатәу ҳәа ирԥхьаӡо арбану, бжьаратәла шаҟа аамҭа рҭаххо ргәабзиара ашьақәыргыларазы.

Шәазыӡырҩы удио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0