АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аԥсны акоронавирустә инфекциа идбалоуп аҽаӡәгьы ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Адиагноз акоронавирус изықәыргылоуп акурсант. Иара иаарласны Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днаргараны иҟоуп ҳәа аҳәоит аштаб адырраҭараҿы.
Абас ала иахьазы Аԥсны COVID-19 роухьеит 37-ҩык.
Урҭ рҟынтәи ааҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп, аҽаӡәгьы уахь лассы днагахоит, 27-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы дыԥсит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>