Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Апоетесса Белла Барцыцԥҳа еидылкыло асаӡтә ҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы излаарԥшу ала, ҭоурыхла Цандрыԥшь аҳаблан асаӡқәа нхон. Лымкаала Ацанбақәа раҳҭынра ҳәа иԥхьаӡан. Дара ирыман рныхагьы, даҽакала иуҳәозар Ацан-ныха. Уи убриаҟара амч аман, Аԥсны абыжьныхак ирываҟәыло. Амаӡа бызшәала асаӡқәа аныхазы "ахына" рҳәон, аныхаԥааҩ "аԥҭиӡаҳ" ҳәа ишьҭан. Аамҭала Ацан-ныхаҿы ныҳәаҩцәас иҟан ҩыџьа аишьцәа Маҳадыри Лашәи Ацанбақәа. Маҳадыр илымҳа иаҳаӡомызт, Лашәы ила иабомызт.
"Маҳадыр илымҳа иаҳауамызт, аха ддырҩын. Еицәажәоз ауаа ирҳәоз рқьышәқәа рыла еиликаауан, ацхыраара риҭон. Лашәы ила иабомызт, аха инапқәа рыла изакәызаалак ҵиаак, ма бӷьыцк иаԥхьа иқәырҵаргьы, изакәу еилиргон, ихәшәызаргьы, дымҩашьакәа иҳәон, уимоу ауаа еиҩидраауан. Маҳадыри Лашәи рыхьӡқәа ааигәа-сигәа ииуаз асабицәа ирыхьӡыртәуан, адоуҳатә мчы рыцуп ҳәа иԥхьаӡаны", - еиҭалҳәоит апоетесса Белла Барцыцԥҳа.
Ацан-ныха иамҵаныҳәоз аныхаԥааҩцәа џьара вбак рыдубаломызт, ажәлар идырныҳәоз рылаԥш ихын, "шәахсҭак" зныз амԥангьы даарышьҭуамызт. Убас дыцқьазар акәын ацуныҳәаҿы агәи агәаҵәеи ирыхныҳәозгьы.
"Иҟалахьан убас, ацуныҳәаҿы иныҳәараны иҟаз, агәыла имҿы шигаз анаргамаха, уи ахаҵа аныҳәара акәым, ус алахәрагьы азин ирымҭеит. Асаӡқәа аныҳәара знапы ианырҵоз есқьынагьы аныҳәаԥхьаӡқәа зҿаҟны иааиуаз иакәын", - инаҵылшьит апоетесса.
Иахьа Цандрыԥшь аҳабла иацәыхарамкәа иҟоуп ақыҭеи аӡиаси еицырзеиԥшу ахьӡ Маҳадыр, иара убас аӡиас Лаԥсы ахьӡгьы убрантәи иаауеит ҳәа гәаанагарак ыҟоуп. Аха уеизгьы, арҭ аҭыԥқәа аныҳәаҩцәа Ацанбақәа ишрыхьӡынҩылоу атәы здыруа ауаа маҷҩуп.
"Асаӡқәеи, бзыԥааи, калдахәарааи леибага-ҩеибагон, еибааӡон, рдыррақәа еимырдон. Рсаӡреи раԥсуареи аԥсабара аиҷаҳара иадыркылон. Баша аҳаскьын илагыломызт. Ражәа иалаҵаны ирҳәон "атама хьаада ишәҭуам, уи иацу ауадаҩрақәа адацқәа роуп издыруа" ҳәа. Ажәакала, ахшара иира иамоу ахьаа аԥсабарагьы ианыруеит ҳәа ирԥхьаӡон", - ажәытәуаа рҟазшьа ҷыдарақәа дрылацәажәоит Белла Барцыцԥҳа.
Асаӡқәа рҟазшьа ҷыдарақәа инрываргыланы, рхатәы азгәаҭарақәагьы рыман. Иаҳҳәап, иџьабоз ауаа шықәсык ашьҭахь иныҟәыргоз ашәымаҭәа былны, уи аццышәқәа рынхарҭақәа ирцәыхараны икарԥсон, абри нахыс цәгьара ҳааигәара имааиааит ҳәа. Маанала реицәажәара атәы акәзар, уи даара аинтерес амоуп, ажәақәа инадырҳәы-аадырҳәуан, иаҳҳәап "амра-арма", "ахра-арха", "аныха-ахына", "акы-кында", "ҩба-ҩында", "хԥа-ԥха" уҳәа.
Апоетесса Белла Барцыцԥҳа аҭыжьра иазлырхиаз асаӡтә ҿаԥыцтә ҳәамҭақәа аԥхьаҩцәа ҳнапаҿы иҳаур егьа маӡа ҳзаатраны иҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аӡатә, агәи-агәаҵәеи: абыжьбатәи аԥсуа ԥшьаҭыԥ Быҭҳа аныхаԥааҩ даҭоуп
-
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны