Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭаниа Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа иазкны

© Foto / Тимур ТанияТимур Тания
Тимур Тания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә аклассикатә музыкатә ҵараиурҭа иахыҵит 90 шықәса. Аҵараиурҭа аестрадатә ҟәша арҵаҩы еиҳабы, ашәаҳәаҩ Ҭемыр Ҭаниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит рыҟәша иаԥсҭазаашьоу, ирыдыркыло ралԥшаара шымҩаԥысуа, уаҟа аҵара ирнаҭо атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭаниа Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа иазкны

Рашәара 15, 1930 шықәсазы Аҟәа иаартын амузыкатә техникум, ҳаамҭазы Алықьса Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә аклассикатә музыкатә ҵараиурҭа.

"Аестрадатә ҟәша ҳалацәажәозар, уи аҵараиурҭаҟны иаазыртыз Џьансыхә Чамагәуа иоуп. Аскрипка, афортепиано, агитара, асаксофон. Сынтәа ԥшьҩык аушьҭымҭацәа ҳамоуп аҟәшаҟны, иҳаҩсыз асабша аҳәынҭқарратә ԥышәара арҭеит: Дмитри Ԥиԥиа, Софиа Ҭарԥҳа, Денис Гындиа, Камилла Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәшахьы иҳадаҳкыло рҟны зегь раԥхьа игәаҳҭоит рыбжьы, нас рлымҳаҭаҩ зеиԥшроу… Аестрадатә ҟәшаҟны ауадаҩрақәа ҳамоуп амузыкатә арҳәагақәа рганахьала, урҭ ҳамазҭгьы иаҳа ҳаиӷьхон", - иҳәеит Ҭаниа.

Иара убасгьы иҳәеит ихымԥадатәны ишиԥхьаӡо ақыҭақәа рҟны амузыкатә ҵараиурҭа астудентцәа рконцертқәа реиҿкаара, уи аӡыргаратә ҟазшьа амоуп, аҟыбаҩ злоу аҿар аҵараиурҭа иаднаԥхьалоит ҳәа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0