Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыркьба аҵыҵындразы: иааҳрыхуа зегьы Аԥсны аҩныҵҟа ҭиишьа амам

© Foto / предоставлено Дмитрием КурипаДмитри Кәыркьба
Дмитри Кәыркьба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан иҟоу аҵыҵындрааӡарҭа ахаҭарнак Дмитри Кәыркьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анаплакы аусқәа рцашьа, аҵыҵындра аҽаҩра зеиԥшроу атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәыр-иԥа аҵыҵындра иазкны

"Аҵыҵындра иахьагьы аҟәшәара ҳаҿуп, амашьынақәа еиқәыршәаны аҳәаа анҭыҵ иҳашьҭуеит. Ҽнак хәбаҟа тонна рҟынӡа ҿаҳхуеит. Аҵыҵындра ахатә ҟазшьа амоуп, аџьабаагьы ацуп, иара ахьшәашәара аҭахуп, ҩымшҟа роуп иахьеизаҳго, нас аҭиирахь идәықәаҳҵоит, убри аан амашьынагьы архьшәашәага амазароуп. Уажәы аҽаҩра иаҳа-иаҳа имаҷхоит, амза анҵәамҭазы зынӡагьы иаангылоит, анаҩс хәажәкырамзазы еиҭа раԥхьатәи асезон ҳалагоит. Уажәы аҽаҩра анҳанаҭалак ашьҭахь аҵиаа ацәарахь еихоит, анаҩс цәыббрамзазы ашәҭ ҿыц аҿалара иалагоит. Уажәы анаплакаҿы 20-ҩык аус руеит. Ҳаԥхьаҟагьы еиҭа ҳҽеиҵаҳхырц ҳгәы иҭоуп. Аусурагьы зҭаху ауаа рацәоуп. Уажәы иҟаз аԥкракәа ирыхҟьаны ирацәаҩны иаҳзеизгомызт ", – ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыркьба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0