Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лагәлаа еиҭеиҳәеит "Аԥсныргылара" иаду аобиектқәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы

© SputnikАмиран Лагвилава
Амиран Лагвилава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә наплакы "Аԥсныргылара" анџьныр хада Амиран Лагәлаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит атәылаҿы зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа Аҟәатәи аҩбатәи ашколи Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭеи рҿы аусурақәа шымҩаԥысуа атәы.
Лагәлаа еиҭеиҳәеит "Аԥсныргылара" иаду аобектқәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа ртәы

"Ашкол х-корпуск ыҟоуп, ҩба ҟаҵаны ҳалгахьеит, ахәыҷқәа ҩнарҵахьан, аҵара рҵон, аха аусурақәа аанкылан аԥкрақәа аналагалаха аамҭазы. Аусурақәа рахьынтә иаанханы иҟоуп ажәытәтәи акорпус актәи аихагыла, иара убас аспортзал. Мызки бжаки аҭахуп аусурақәа рхыркәшараз, ус иагьыҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Лагәлаа.

Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшазар акәын иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы, аха уи залмыршахеит.

"Апроект ашьақәыргылараан иазгәаҭамыз аҟәшақәа ыҟан: амаҭәақәа ахьырыӡәӡәо, ачымазаҩцәа рыфатә ахьыҟарҵо, ахәышәтәырҭа аанда уҳәа. Уажәы урҭ агхақәа риашаны апроект ҿыц алагалара ҳаҿуп. Аобиект аҿы Аинвестпрограммала аиҭашьақәыргыларатә усура цоит аҟнытә, аԥсахрақәа зегьы Урыстәыла ишьақәдырӷәӷәароуп. Атәыла аекономика аминистр уи аус шаалыӡбалак аусурақәа нап дыркхоит. Иахьазы аусурақәа 95% рҟынӡа инагӡоуп, хәҷык ауп иаанхаз. Аргылаҩцәа рҿаԥхьа ауал хәыҷыкгьы ҳақәуп ", - ҳәа еиҭеиҳәеит Лагәлаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара уас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0