Ирхәыцгоу, ихшыҩԥышәагоу: аԥсуа жәлар рцуфарақәак ирызкны

© Foto / Sara Rawlinson/Historic Photographer of The YearСнимок в библиотеке Колледжа Иисуса в Кембридже фотографа Sara Rawlinson, попавший в шортлист конкурса Historic Photographer of The Year 2018
Снимок в библиотеке Колледжа Иисуса в Кембридже фотографа Sara Rawlinson, попавший в шортлист конкурса Historic Photographer of The Year 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акырӡа зхыҵуа аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа иреиуоу ихшыҩԥышәагоу ацуфарақәа ртәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ацуфара (урысшәала иуҳәозар "загадка") акырӡа зхыҵуа фольклортә афоризмтә жанрқәа ируакуп. Ацуфараҿы амаҭәар ахьӡ мҳәакәа, уи иамоу аҟазшьа ҷыдарақәак рыла уаҩы идырыртә асахьа ҭыхуп. Убри аҟнытә, ацуфара уаҩы дахәаԥшыр алшоит ирмаӡаны, ирмаананы иҳәоу азҵаареи аҭаки рыла ишьақәгылоу акы акәны. Ацуфарақәа рхәыцгоуп, ихшыҩ ԥышәагоуп.

Старейшая жительница абхазского села Кутол Хьфаф Кутол во время встречи с школьниками. - Sputnik Аҧсны
Ацу ҳфеит, ацу ҳфеит, ахьаҭра ахьаҩ ааҭҳаргеит: аԥсуа цуфарақәа рҵаки рхархәашьеи

Ажәытәан ажәлар рҟны ацуфарақәа аҵак ду рыман. Урҭ рыла ауаа рҟәышра, рыхшыҩҵарра, ргәеилыххара аадырԥшуан. Ацуфарақәа рхы иадырхәон амаҳә, мамзаргьы аҭаца ргәеилгара аилкааразы. Ацуфарақәа неимда-ааимдо, еицлабны ианырҳәоз ыҟан. Уи еиҳараӡак ачымазаҩ дахьыҟаз аҩнаҭаҿы уахынла иахьеилатәаз аҵхԥҽрақәа, аҷаԥшьарақәа раан иаацәырыргон. Убасгьы, рҽеизганы уахынлатәи усқәак ианырҿыз гәмырҿыӷьга ҳасабала ацуфарақәа рҳәон.

Ҳажәлар еиҳарак ирылаҵәаны иҟоу, еицырдыруа ацуфарақәа иреиуоуп, иаагозар: "Ӡыда аҟәараш" (ахаԥыцқәа), "Сымпахьшь хәыҷы имбаӡо" (абз), "Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә" (агара) уҳәа. Ара ҿырԥштәыс иаагоу ацуфарақәа ртәы ҳаҳахьеит ҳхәыҷаахыс, ҳарзааҭгылон ахәыҷбаҳчаҿы, ашкол аҿы. Аха урҭ рыла ацуфарақәа нымҵәаӡеит, ирацәоуп хшыҩзышьҭра зуҭаша.

Ацуфарақәа еиҳарак изызку ауаҩы, анхаҩы ибзиаӡаны иидыруа, икәша-мыкәша иахьеи-уахеи дызлагылоу, иикуа-иишьҭуа амаҭәарқәа роуп: ауаҩԥсы ицәеижь ахәҭақәа, аҩнымаҭәа, аԥстәқәа, аԥсаатәқәа уҳәа убас егьырҭгьы. Ҳарзааҭгылап ас еиԥш иҟоу акәамаҵамарақәа зныԥшуа ацуфарақәа жәпакы:
  • Аҳ иашҭа ҩ-ҟәбарк ҭажуп. (Аблақәа)
  • Жәкы атәарҭа, ҭаацәарак ргәырӷьара. (Аца)
  • Ԥшьҩык аишьцәа хылԥак еицырхоуп. (Аишәа ашьапқәа)
  • Уара иубаанӡа иухәаԥшуа. (Амра ашәахәақәа)
  • Аҳак иашҭа ҳак ҭагылоуп, иашоу? ихаау уаҩԥсы издырам. (Зцәа зтәым аԥҳәыс, уи илхылҵуа ԥхьаҟа дзеиԥшрахо уаҩы издыруам аҟнытә)
  • Нықәтәа-аақәтәа ҵыхәаршәшәа. (Ахьажь)
  • Ҩыџьа аишьцәа рыхқәа еилаҵаны ицәоуп. (Аџьымшьқәа)
  • Хыхь хамы, ҵаҟа хамы, гәабжьы хамы, хампаҿ. (Аџьымшьы)
  • Ауаҩ кьаҿ гәашәхьча. (Ацаԥха)
  • Иқәшьқьраа икәашо, зҿала икнаҳау, ахаҳә хылԥа зхоу. (Адырды)
  • Ҩ-ԥенџьырк сымоуп наԥшырҭаны, ҵхла аԥарда ласышьҭуеит, аашар - иҳараскуеит. (Аблацәақәа)
  • Шьапы заҵә мгәаду. (Аԥҳәаҟәа)
  • Кылаара кылҷҷара укылԥшны иузымԥхьаӡо. (Аеҵәақәа).

Ацуфара иқәнаргыло азҵаара аҭак иара иагәылаҵәахуп, аха аҭак аҳәаразы ауаҩы цқьа дазхәыцроуп зсахьа аарԥшу амаҭәар. Иара ауаҩытәыҩса ихшыҩ аус аруроуп хықәкыс иамоу, аду иҟнеиԥш ахәыҷы иҟынгьы.

Амала, аԥсуа жәлар рыбзазара иазҿлымҳам, зхатәы бызшәала ахәыцшьеи ацәажәашьеи ззымдыруа ацуфарақәа ирыҵоу амаӡақәа аилкаара рцәыцәгьахоит, иқәнаргыло азҵаара аҭак рзыҟаҵом.

  • Нырцә ҷаҩ-ҷаҩ, аарцә ҷаҩ-ҷаҩ. (Амаркатыл)
  • Ҽынла ичуа, уахынла идо. (Аиарҭа)
  • Цәыӡда иԥшаауа, хьаада иқьуа. (Аҳәа)
  • Напы иампыҵаӡо, махә иқәымӡо. (Акәтаӷь).

Жәлар рфольклор иахәҭаку ацуфарақәа инарываргыланы, угәы иамыхәар залшом аҟыбаҩ злоу апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа ркалам иҵырхыз автортә цуфарақәагьы ахьыҟоу. Автор дызмоу ацуфарақәа жәлар идырҿиаз аасҭа акы иаҵахо иҟам, уимоу ажәеинраалеиԥш еихышәшәоит. Иаҭаху мацара иазхәыцны, иқәгылоу азҵаара аҭак аҟаҵароуп.

Аԥсуа бырг - Sputnik Аҧсны
Гәымаа рысакаса акаԥатәык иҽанижьлон: аԥсыуа жәаԥҟақәак рҵаки рхархәашьеи

Уазыԥшыр, ихәыҷӡоуп зынӡа,

Абжьы саркьалҵас иҵарӡа.

Аҭахызар уцәаз уааԥсаны,

Ацәа уалнахуеит … /Акәыбры/

Аҭахызар иара ахаҭа умбазааит,

Мчыбжьык аԥхьа имҩас ицазааит.

Иқәшьуа ицозшәа уи ашша

Ашьҭа ааннажьуеит … /Акамыршша/

Иахьнықәуҵаз уаҟа иқәуп,

Сышҟа уаа ҳәа иҳәҳәаӡом.

Узаҩызахар уа узы насыԥуп,

Иаԥхьо имҩа ҭшәахаӡом /Ашәҟәы/

Ҿырԥштәыс иаагоу автортә цуфарақәа агәылоуп апоет Енвер Ажьиба ахәыҷқәа ирзикыз иажәеинраалақәа реизга "Аҿыхара". Агәаҳәара змоу инарҭбаан шәаԥхьар шәылшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0