Аибашьраҿы иџьбараз, аҩны игәыбзыӷыз: Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ражден Барцыц

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаЖанна Барцыц
Жанна Барцыц  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алагеижьҭеи 79 шықәса аҵра инадҳәаланы ажурналист Саида Жьиԥҳа еиҭалҳәоит аибашьра аветеран, Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ражден Михаил-иԥа Барцыц иӡбахә.

Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ражден Михаил-иԥа Барцыц идунеи иԥсахижьҭеи 18 шықәса ҵуеит, аха наунагӡа згәалашәараҿы зегь рыла иҿырԥшыганы дыҟоу иԥҳаиҳабы Жанна Барцыԥҳа еибашьҩыки, абыки иаҳасабала дзеиԥшраз атәы ҳзеиҭалҳәеит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ражден Михаил-иԥа Барцыц диит Гагра ақалақь, ԥхынҷкәын 15, 1923 шықәсазы. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналагоз иара 18 шықәса ракәын ихыҵуаз, ашкол далгеижьҭеи уамак ҵуамызт. Арԥыс аус иуан амшын иаго реиқәырхаҩыс. Ус, хара имгакәа Гагратәи арратә комиссариат аҟнытә ирратә уалԥшьақәа рынагӡарахь иԥхьоит. Асолдаҭ қәыԥш аиқәырхаратә станциаҟны аус иухьан, ибзиаӡаны дыӡсуан, амшынтә транспорт маҷ арныҟәарагьы идырҵахьан аҟнытә дыршьҭуеит Каспиатәи афлотилиахь. Аибашьра аламҭалазы далгахьан Қарҭ, акомандирцәа еиҵбацәа рышколгьы. Раԥхьатәи ифырхаҵаратә мҩа Нхыҵ-Кавказ ала иалагеит, уаҟа ахәрагьы иоуит. Махачкала агоспиталь аҿы дышьҭан, устәи Қарҭаҟа дыргоит. Ишьапы данықәгыла Геленџьикҟа ддәықәырҵоит еибашьра.

© Фото : Аҭаацәара рархив аҟынтәРажден Михаил-иԥа Барцыц
Аибашьраҿы иџьбараз, аҩны игәыбзыӷыз: Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ражден Барцыц - Sputnik Аҧсны
Ражден Михаил-иԥа Барцыц

"Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналага ҳаб "Амшынтә шәарацаҩ" захьӡыз аӷба маҷ дақәтәан. Иара уалԥшьас идын Новороссиск, Керч уҳәа иӡхыҵраны иҟаз адесант амшын аԥшаҳәахьы рнагара, шьҭахьҟа ихьаҵтәзар ргара, ахәцәа рыԥсы рхыҵаанӡа амедицинатә цхыраара ахьрырҭаша аҭыԥқәа рахь рнагара", - ҳәа лаб иеибашьратә мҩа далацәажәоит аԥҳа.

"Адгьыл маҷ" аҿы адесант ртәаны Новороссииск ахы иақәҭтәын, аха уи уалԥшьас издыз 18-тәи ар ирықәымҿиеит. Акомандаҟаҵаҩцәа рыгәҭакы шбзиазгьы аӷацәеи дареи рымч еиҟарамхеит. Ар адҵа ахьроуаз ицон, уи закәанын, иҭахоз дҭаҳон, иаанхоз даанхон. Амшын агәы ианхыз, адгьыл, ажәҩан аҟнытә уҳәа ахымца рыжәырҵон. Иҟалалон амшын ахаҭагьы ахы ианеицәаз. Новороссииск аԥша цәгьеи, афырҭыни ирҭыԥуп азы анемец фашист иеиҩырхуан зны-зынла. Зегь рыла аҿагылара шрымазгьы адгьыл аҟынӡа инаӡаны, рнапқәа аларԥсны икны аӷа аҭак ирҭон. Аӡхыҵра еиҳарак уахынла имҩаԥыргон, аха усҟангьы ма амза амшын ихыҷҷалон, ма аҟәарантәи алашарабагарқәа рыдԥхалон. Ражден Барцыц зегь раасҭа игәы изырхьуаз, абас иҟоу зегьы гәаҟра рхыганы, асолдаҭцәа рыԥсы ахҭынҵаны уи аоперациа ахьылҵшәадахаз ауп.

"Ҳаб иҳәалон, уԥсихика кәадазар, ухы еилаԥсаргьы ҟалон ҳәа ари ажәылара атәы анеиҭеиҳәоз. Ча-сак зыцеиҩишоз иҩызцәа анивыршьаауаз, шьҭахьҟа иӷбала асовет ар ахьтәаз рыԥсыбаҩ ӡхыганы, ашьа зҭашыз аӷба ӡәӡәаны, еиҭа абарҭ ирразҟхаз шырразҟхоз дырны даҽа гәыԥк игар акәын", - ҳәа лажәа иацылҵоит Жанна Барцыцԥҳа.

Новороссииск ахы ақәиҭтәра анзалмыршаха, асовет ар Керчҟа еихеит. Амшын Еиқәа аганахь ала Ельтиген ҳәа иахьашьҭаз адесант дыртәеит. Асовет еибашьцәа рҩызцәа ахьыҟаз аӷбақәа рыла ари, абџьари, аџьаԥҳаи рыманы иӡхыҵыр акәын. Анемеццәа уи анырба убас жәыларак ҳәа мҩаԥыргеит, иԥсыз, инхаз узеилмырго. Иҭархаз аӷбақәа ракәзар унацәала иузыԥхьаӡомызт. Ельтиген "амца зыцроу адгьыл" ҳәа азырҳәеит усҟан. Азовтәи амшын аганахьала итәаз 56-тәи ар рдесант рыҽрымардарц иалагеит зыԥсы ӡаны шьҭахьҟа идәықәлаз агәыԥ. Аха уаанӡагьы инеиртә изыҟамлеит акырцх иаҩызахеит аӷацәа иаарышьҭуаз ахымцақәа.

Аибашьра ду Нарманиа Серапион - Sputnik Аҧсны
Аветеран Серапион Нарманиа: ахәцәа ршьа аӡиас арҟаԥшьит

"Усҟан ҳаб фҩык иҩызцәеи иареи 15 тонна аџьаԥҳаны рыманы еилаԥыхха еилажьыз аӷбақәа ирываланы адесант ахьыҟаз иӡхыҵит. Абџьар шьҭыхны аҵх неиаанӡа ахырӷәӷәарҭа ркын. Аӷба иақәыз аџьаԥҳаны ақәхны, шьҭахьҟа ахәцәа рыманы иандәықәла, еилажьыз аӷбақәа ирываланы иахьынӡацоз аӷацәа рыблаҿы имааиӡеит. Амшын агәахьшәа ианнеи ахымца рыжәырҵо иалагеит, аха рыԥсы рыманы рыр ахьтәаз ицеит", - лаб еиҭеиҳәоз ахҭыс далацәажәоит Жанна Барцыцԥҳа.

1943 шықәсазы, Керч аџьаԥҳаны иманы аӡхыҵра ахьилшази, иҩызцәеи иареи ахырӷәӷәарҭа кны иахьтәази, шәҩыла ахәцәа амцашыра иахьалигази рзы Ражден Барцыц Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы даԥсахеит. Убас аибашьра аветеран ианашьоуп хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи, аорденқәеи.

© Фото : Аҭаацәара рархив аҟынтәРажден Барцыц имедалқәа
Аибашьраҿы иџьбараз, аҩны игәыбзыӷыз: Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ражден Барцыц - Sputnik Аҧсны
Ражден Барцыц имедалқәа

Хьӡеи-ԥшеи ганы Ражден Михаил-иԥа Барцыц 1946 шықәсазы Аԥсныҟа дгьежьуеит. Иара уигьы аныҟала, иаб "сԥазаҵә иоуп, иԥсадгьыл аҿаԥхьа ирратә уалԥшьақәа наигӡеит, аҩныҟа даашәышьҭ" ҳәа икомандаҟаҵаҩ иахь ашәҟәы анишьҭ ауп.

Ражден Барцыц хԥаҟа шықәса Гагра аусурҭа ҭыԥ изыԥшаауамызт. Абриаҟара аибашьра адәаҟны аџьабаа збаз аветеран изы имариамхеит аҭынч ԥсҭазаараан ашьапы ақәгылара. Уи ашьҭахь жәабаҟа шықәса машьынарныҟәцаҩс аус иуит. Араион анапхгара ҿыц анахагыла, Ражден Барцыц Гагра атурбазаҟны аҭыԥ ирҭоит.

Едуард Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәарҷиа иаб Ҷыка изы: зны "Асовет еидгыла Афырхаҵа" ҳәа ахьыӡ шсоуз шәасҳәап ҳәа иҳәалон

Ражден Барцыц аҭаацәара аԥҵара даназнеи, диразҟхоит Гагратәи аԥҳәызба Валентина Николаи-иԥҳа Џьологәуаԥҳа.

"Ҳан Аҟәатәи афельдшертә школ далганы Махачкала, иреиҳау амедицинатә ҵараиурҭа аҭалара лҽазылкуан еиԥш, ҳаб ибзиабара даахнахын, аҵара аганахь ала илымаз лыгәҭакқәа шьҭахьҟа инхеит", - алаф ахҳәаауа лани, лаби рҭоурых дазааҭгылоит аԥҳа.

Ражден Барцыци Валентина Џьологәуаԥҳаи ирхылҵит хҩык ахшара, ҩыџьа аԥҳацәеи, аԥеи. Жанна Барцыцԥҳа лажәақәа рыла, раб еиҳа иҟазшьа ҟәымшәышәын, ран дыџьбаран ахәыҷқәа рааӡараҿы.

"Ҳаб аусурантәи данбаауа ҳәа ҳаԥшын. Убриҟара ахәыҷқәа бзиа ҳаибон, егьа ҳлеишәа ҳарцәгьаргьы иҳанаижьуан. Дахьцалакгьы ҳамҭак ҳзаамгакәа дхынҳәӡомызт", - илгәалашәоит лара.

Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ражден Михаил-иԥа Барцыц иԥсҭазаара далҵит 2002 шықәсазы, 79 шықәса дшырҭагылаз. Аибашьра аветеран ибаҟа шьақәыргылоуп Гагра ақалақь Идырым асолдаҭ ибаҟа авара.

© Фото : Аҭаацәара рархив аҟынтәРажден Барцыц ианаршьаз ахьӡ ҳаракы аршаҳаҭга
Аибашьраҿы иџьбараз, аҩны игәыбзыӷыз: Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ражден Барцыц - Sputnik Аҧсны
Ражден Барцыц ианаршьаз ахьӡ ҳаракы аршаҳаҭга

Жанна Барцыцԥҳа лаб иӡбахә ҳәаны дзавымсит лабхәа Забеҭ Мусҭафа-иԥа Аргәын иҭоурыхгьы.

"Аибашьра алагаанӡа ирратә уалԥшьақәа наигӡон Смоленск, дыснаиперын. Асовет Еидгыла аӷа данақәла 364-тәи Мраҭашәаратәи афронт арҟаԥшьтә полк аҿы ԥшыхәҩыс дыҟан. Изныкымкәа ибзоурала Асовет ар ирыхәашаз аинформациа ааигахьан. Аха иара иеибашьратә мҩа кьаҿхеит, 1941 шықәса, ԥхынгәы 30 рзы Смоленск ӷәӷәала дхәын. Ирԥҳа ахыԥҽыха алсит. Амедицинатә цхыраара иаразнак имоуӡеит. Хымш дҳәазо мацара агоспиталь аҟынӡа днеит. Ишьацара имчқәа аркәадеит. Иԥсы ахьеиқәхаз шаноуп", - еиҭалҳәоит Жанна Барцыцԥҳа.

© Фото : Аҭаацәара рархив аҟынтәЗабеҭ Мусҭафа-иԥа Аргәын
Аибашьраҿы иџьбараз, аҩны игәыбзыӷыз: Асовет Еидгыла Афырхаҵа Ражден Барцыц - Sputnik Аҧсны
Забеҭ Мусҭафа-иԥа Аргәын

Ражден Барцыци Забеҭ Аргәыни реиԥш иҟаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рҿырԥштәала акәын Асовет Еидгыла аамҭақәа раан аҿар шырааӡоз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0