"Сабду иман хәҩык аҷкәынцәа, дара зегьы еибашьра ицеит. Зны зегьы еицын. Керч гәыԥк аҿы еибашьуан, уахьоуп дара раԥхьа аибашьра иахьақәшәазгьы. Бжьымзы уа иҟан. Саб уаҟоуп Аеҵәа Ҟаԥшь аорден ахьиоузгьы. Ҩ-жәыларак рҿы жәааҩык анемеццәа ҭаирхеит, авинтовкаҟынтә аӷа иеибашьыгатә ҳаирплан деихсны икаижьит. Убасҟан иара ахәрагьы иоуит, 14 мшы агоспиталь аҿы дышьҭан, нас еиҭа аибашьра далагылеит. Иара иаԥиҵеит ахысратә гәыԥ, анаҩс ашәҟәаҿы ишарбоу ала, жәыларак аҿы 52-ҩык аӷа исолдаҭцәа ҭадырхеит, иара еиҭа ишьапы ахәра аиуит, еиҭа дышьҭан бжьымшы, анаҩс абџьар шьҭихит еиҭагьы, аибашьра игәы ацԥыҳәо ҳәа иарбоуп ашәҟәаҿы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Аибашьҩы Ҷыка Кәарҷиа анаҩстәи ифырхаҵарақәа ртәы шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиоподкаст аҿы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аиааира иазку аҭыжьымҭақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>