АҞӘА, рашәара 22- Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла 85 регион рҿы акоронавирустә инфекциа ҿыц рыдбалоуп 7 600-ҩык, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперативтә штаб.
Иаарԥшу рҟынтәи 32,5% ачымазара аклиникатә ҟазшьақәа рымамызт.
Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәылатәи Афедерациаҿ 95-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 4 705-ҩык. Апандемиа аамҭа иалагӡаны рыԥсҭазаара иалҵхьеит 8 206-ҩык, ргәы бзиахеит 344 416-ҩык.
Аԥсны иахьатәи аамҭазы авирус рыдырбалахьеит 38-ҩык.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>