АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аԥсны Аҵәахбанк ауааԥсыра акредитқәа рзоужьра еиҭахацнаркуеит атәыла аекономика аҽарӷәӷәаны анапынҵа ԥарақәа анеиҳахалак ашьҭахь иҳәеит абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.
"Аӡбра ҳадаҳкылеит акредиттә программақәа аанкылазарц, избанзар иахьа дҵа хаданы ҳаԥхьа иқәгылоу аклиент имаҵ ауроуп. Даҽакала иуҳәозар, ҳара иҳалшаӡом аԥара маҷны ианҳамоу аамҭазы акредитқәа шьоукы ирыҭаны, нас ҳбанкоматқәа ҭарцәны атәара. Убри азы раԥхьа атәанчаҩцәа, абиуџьет аусзуҩцәа ҳрызхыцроуп, алшара ҟалар, ҩаԥхьа апроект ҿыцқәа хацҳаркуеит", - иҳәеит иара.
Аԥсны Абанк ахантәаҩы ишиҳәаз ала, Аҵәахбанк аликвидра аганахьала аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхеит.
"Аҵәахбанк аҿы аҭагылазаашьа уадаҩуп, аха ҩба-хԥа шықәса раԥхьа изеиԥшраз аасҭа еиӷьуп. Жәашықәсала еиқәылоз апроблемақәа 1,5 миллиард мааҭ иаҟароу адефицит ахь икылнагеит. Усҟан еиқәылоз апроблемақәа макьана акыр шықәса абанк анырра арҭалоит", - иҳәеит Бараҭелиа.
Бараҭелиа иазгәеиҭеит абанк хыҵхырҭа хадас иамоу акредитазоужьра ауп ҳәа.
"Статистикала иааугозар, уажәы атәылаҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, аԥкрақәа шыҟоугьы, анаплакқәа аус шырымуагьы, аклиентцәеи абанкоматқәеи рымаҵ аура аганахьала Аҵәахбанк аусура еиҳа иҭышәынтәалоуп ҵыԥх аасҭа. Уи зыбзоуроу хәыҷы-хәыҷла ари абанк ашьара ақәлара иахьаҿу ауп. Хымԥада, Амилаҭтә банк уи иацхраауеит, избанзар Аҵәахбанк аҟны атәанчахәқәеи ауалафахәқәеи ршәара апроцесс мҩаԥнагоит, уи зауа ауадаҩақәа рызцәырымҵларц азы адгылара ҟаҳҵоит", - инаҵишьит Бараҭелиа.
Аԥсны Аҵәахырҭатә банк ауааԥсыра акредитқәа рыҭара апроцесс ааннакылеит ԥхынгәы 1, 2019 шықәса инаркны аԥарақәа ахьазымхоз азы. Акредитқәа рзоужьра еиҭахацыркын ҳазҭоу ашықәс хәажәжкырамзазы, аха апандемиеи аҳәаақәеи раркра иахҟьаны ари апроцесс ҩаԥхьа иаанкылан.
Аԥкырақәа анаԥыххалак, атәылаҿ аекономикатә ҭагылазаашьа анеиӷьхалак акредитқәа роушьҭра еиҭахацыркхоит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны аҵәахырҭатә банк акредиттә аалыҵ "Ахархәаратә" аиушьа