АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ақәшаҳаҭым Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Артур Анқәаб иганахьала иаднакылаз аӡбамҭа, уи ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиахь азыҳәа нанашьҭуеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аӡбарҭаҿы иазгәарҭеит Анқәаб изы ариашаратә харадҵа зрыдыркылаз уи ацәгьоура шыҟаиҵаз азы иақәнагаз аршаҳаҭрақәа наӡаны иахьыҟамыз азоуп ҳәа.
Артур Анқәаб харас идырҵон Армен Григориан имҵарсра. Ашьаусҭҵаара ишаҳәо ала, уи дырӷьычит абҵара 24, 2019 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы, шасыс дызгаз иара иоушьҭразы "аԥара рацәаны ириҭарц мчыла дадырцалон". Ирӷьычыз ауаҩы дыԥшаан ԥхынҷкәын 1 азы Гәдоуҭа араион ақыҭақәа руак аҟны.
Артур Анқәаб 2019 шықәсазтәи Аԥсны ахада иалхрақәа раан кандидатс дықәгылан. Абжьыҭара актәи атур алҵшәақәа рыла, Анқәаб иоуит 1,6% алхыҩцәа рбыжьқәа рахьтә, убри ала аҩбатәи атур ахь дзымнеит.
2017 шықәсазы Анқәаб азинхьчаратә усбарҭақәа ишьҭан ауаҩы игәабзиара ааха ӷәӷәа аҭареи абџьар изакәанымкәа аҵәахреи рзы. Уи ахҭыс ҟалеит нанҳәа 9, 2016 шықәсазы Гагра ақалақь аҟны, усҟан Аԥсны атәылауаа Анри Аргәыни Артур Анқәаби, амцабџьар ала ахаҵа ишьапы иеихсны дырхәит, аҭыԥ аҟынтәи ибналеит.
2018 шықәсазы Анқәаб аӡбарҭа ахара иднаҵеит ахәҭаҷ 107 "деицрашәаны ихы инапаҿы изаамгакәа ауаҩы игәабзиара ааха ӷәӷәеи абжьаратә аахеи рыҭара" инақәыршәаны, убри азы иара иқәҵан ҩышықәса анхара аколониаҿы ихигарц. Убри ашықәсазы амнистиа даҵанакын, доурышьҭит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Артур Анқәаб уаанӡатәи атәыла анапхгара гәаӷшақә исышьҭан иҳәеит