Аӡбарҭа Артур Анқәаб ихы дақәиҭнатәит

© SputnikАртура Анкваб
Артура Анкваб  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәсазтәи Аԥсны ахада иалхрақәа раан кандидатс иқәгылаз Артур Анқәаб ауаҩы имҵарсреи уи иоушьҭразы аԥара рацәа ииҭарц мчыла идцалареи харас идырҵоит.

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахадарахьы зкандидатура ықәгылаз Артур Анқәаб ихара ихыхны ихы дақәиҭнатәит Зарина Габеева лхантәаҩрала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа рашәара 23 рзы.

Габеева иазгәалҭеит ахарадҵара иахәҭаз аршаҳаҭгақәа аӡбаҩцәа ишрыднамгалаз Артур Анқәаб иганахьала ахарадҵара ашьақәыргыларазы.

Аҳәынҭқарратә харадҵара Артур Анқәаб жәашықәса аҭакра иқәҵатәуп аҳәеит - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә харадҵара Артур Анқәаб жәашықәса аҭакра иқәҵатәуп аҳәеит

Ахара идызҵоз аган аҳәара ҟанаҵон ацәгьоурақәа реилаҵарала жәашықәса рҟынӡа ҭакрыла ахгара иқәҵазарц.

Артур Анқәаб харас идырҵон Армен Григориан имҵарсра. Ашьаусҭҵаара ишаҳәо ала, уи дырӷьычит абҵара 24, 2019 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы, шасыс дызгаз иара иоушьҭразы "аԥара рацәаны ириҭарц мчыла дадырцалон". Ирӷьычыз ауаҩы дыԥшаан ԥхынҷкәын 1 азы Гәдоуҭа араион ақыҭақәа руак аҟны.

Артур Анқәаб 2019 шықәсазтәи Аԥсны ахада иалхрақәа раан кандидатс дықәгылан. Абжьыҭара актәи атур алҵшәақәа рыла, Анқәаб иоуит 1,6% алхыҩцәа рбыжьқәа рахьтә, убри ала аҩбатәи атур ахь дзымнеит.

2017 шықәсазы Анқәаб азинхьчаратә усбарҭақәа ишьҭан ауаҩы игәабзиара ааха ӷәӷәа аҭареи абџьар изакәанымкәа аҵәахреи рзы. Уи ахҭыс ҟалеит нанҳәа 9, 2016 шықәсазы Гагра ақалақь аҟны, усҟан Аԥсны атәылауаа Анри Аргәыни Артур Анқәаби, амцабџьар ала ахаҵа ишьапы иеихсны дырхәит, аҭыԥ аҟынтәи ибналеит.

2018 шықәсазы Анқәаб аӡбарҭа ахара иднаҵеит ахәҭаҷ 107 "деицрашәаны ихы инапаҿы изаамгакәа ауаҩы игәабзиара ааха ӷәӷәеи абжьаратә аахеи рыҭара" инақәыршәаны, убри азы иара иқәҵан ҩышықәса анхара аколониаҿы ихигарц. Убри ашықәсазы амнистиа даҵанакын, доурышьҭит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0