Ҟәбан 59 коронавирустә хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

© Sputnik / Николай Хижняк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота сотрудников "Кубань-СПАС"
Работа сотрудников Кубань-СПАС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акәны мшаԥы 28 раахыс Краснодартәи атәылаҿацә аҟны уахыки-ҽнаки рыла 59 коронавирустә хҭыс ҿыц азгәаҭоуп.

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 59 коронавирустә хҭыс ҿыц азгәаҭоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Ҟәбан ахадара.

Апациентцәа рықәра – ҩышықәса инаркны 83 шықәса рҟынӡа аҵанакуеит.

"Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Краснодар ачымазара рыдбалоуп 13-ҩык, Армавир – 6-ҩык, Шәача – быжьҩык, хәҩык-хәҩык Гулькевичскии Белореченски араионқәа рҟны, ԥшьҩык – Новороссииск, (5, 11 шықәса зхыҵуа ҩыџьа ахәыҷқәа), хҩык – Новокубансктәи араион, ҩыџьа-ҩыџьа – Геленџьик, Крымскии Кушьчевскии араионқәа. Аӡәаӡәа ачымазцәа – Анапа, Апшеронск, Усть-Лабинск, Тихорецк, Новопокровск, Павловск, Кавказск, Курганинск, Тбилисск, Выселковск араионқәа рҿы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Зынӡа 5 683-ҩык чмазаҩхахьеит, урҭ рахьынтә 400-ҩык ахәыҷқәа роуп. Ргәы бзиахеит 4403 пациент, 29-ҩык аҵыхәтәантәи амш азы.

Ари амш иалагӡаны арегион аҟны рыԥсҭазаара иалҵит 70-ҩык COVID-19 зцәа иалаз ачымазацәа. 19-ҩык ррыԥҳақәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа рхагылоуп.

Иааидкыланы Урыстәыла ачымазара уахыки-ҽнаки рыла ирыдбалан 7 113-ҩык, адунеи аҿы – 9 миллионки 439 нызқьҩык. Ргәабзиара шьақәгылахьеит 4 миллионки 753 нызқьҩык.

Иахьазы Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп 38-ҩык. Урҭ рҟынтәи хәҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 32-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0