Гәдоуҭатәи "Katepark", мамзаргьы агәыӷрақәа рыхынҳәра

© Foto / предоставлено Светланой Ладария Новый парк в гудауте
 Новый парк в гудауте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа ақалақь агәаны ақалақьуааи уи асасцәеи рзы "Katepark" захьӡу аԥсшьарҭа аадыртит. Уи хәыда-ԥсада ақалақь иазҭаз дарбану ҳзеиҭалҳәоит, насгьы ари аҩыза ахҭыс илызцәырнагаз агәыӷрақәа ҳамалдоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа.

Аԥсны иҟан аибашьра. Иҳаҩсыз ашәышықәсазы… 27 шықәса раԥхьа…

Зықьҩыла ауаа рыԥсы зыхҭнырҵаз адгьыл агәамсам ахыҵәазар, иаҳҳәоит "Аибашьра ыҟан".

Аӷьычра, арҳәра, аламысдара аҳра руазар – иаҳҳәоит "Аибашьра ыҟан".

Закат - Sputnik Аҧсны
Исҭахуп зегь насыԥ шәыман шәыҟазарц

Ҳзакәанқәа аус рымуазар – иаҳҳәоит "Аибашьра ыҟан".

Иагьиашами, аибашьра ыҟан. Иҟан, аха еилгахьеит… Аха ҳара иаҳҭахуп ҳхы ҳарқьиарц. Зегь зхароу аибашьра ауп ҳҳәаларц, иахьатәи ҳхарагьы иара иахараҳҵарц. Мшәан, ус еиҳа имариами.

Аибашьра ыҟан 27 шықәса рыла есыҽны метрак-метрак уԥсахуазаргьы, иуԥсахша ҳӡымҩангагақәа рзы, ҳфымцацәаҳәақәа рзы, ҳамҩадуқәа рзы. Ҳабзазараз, ҳқыҭанхамҩаз, ҳекономиказ, ҳзакәанԥҵараз… – аибашьра нымҵәаӡацт иахьагьы. Зегь раасҭа узыцәшәаша ҳхы-ҳахшыҩ азгьы инымҵәеит уи аибашьра.

Идыруп, аҳәынҭқарра амчрақәа шшьардам. Идыруп уи иахагылоу зегь ракәымзаргьы, реиҳараҩык амчрахь рхазы ишнеиз. Идыруп атәыла амаа акрахьы зхы хоу ҳаныржьо ирҳәо шхаҳҵо, уахь рнеиразы аҽыхацәа реиԥш ҳашрыцхраауа, нас мышкызны, ахага акараҳәа ихшыҩ шеимшәо еиԥш, ҳахшыҩ анеимшәалак, лаба-ламсы аанмыжьуа ашәқәа, аԥенџьырқәа ԥҽны урҭ рҭыԥ ишахааго, даҽазныкгьы уи ала шьаҿак акәзаргьы шьҭахьҟа ҳашцо.

Идыруп Аԥсны хшыҩла аума, ԥаршеирыла аума, хатә џьабаала аума, амал змоу ауаа шырацәоу. Аԥсуаа ирҳәоит: "Ахшара дзыуааӡо ӡык уиржәындаз ҳәоуп" ҳәа. Аԥсынгьы амал алызхуа знымзар-зны "ӡык адыржәызҭгьы"? Сгәы иаанагоит дарбанызаалак атәыла ахада абарҭ ҳмалуаа ааизганы, досу иҵа зеиԥшроу дырны, ирыдиҵар ҟалоит ҳәа: "Уара абри амҩа ахы инаркны аҵыхәанӡа иахәҭоу удзааит… Уара абри ахыбра аиҭашьақәыргылара унапы ианызааит… Уара абри… Уара абри…" Мап ркрым ҳәа сыҟоуп - џьоукы иахәҭаны иԥхьаӡаны, даҽа џьоукых, зыҵа зырбааӡо арбашьа идыруеит ҳәа, ма уи ала рхы дырқьиарц…

Саланагалацәеит. Аха абри зегьы сзырҳәогьы хҭыск сақәшәеит. Гәдоуҭа ақалақь аҿы сыҟан.

асоциалтә ҳақәеи - Sputnik Аҧсны
Аԥсуааи асоциалтә ҳақәеи, мамзар ҳхы ҳазхәыцыр еиӷьу

Нап адкылазар Франциеи Италиеи адунеи иадыруа рықалақьқәа инарԥыганы аԥшӡара змоу ҳақалақь фырхаҵа, аибашьраантәи ҳаҩн ду…

Ҭаацәала ахәыҷқәа ҳаманы ҳнанагеит "Katepark" ҳәа захьӡу аҭыԥ ссир ахь. Амшын аҿықәаҿ асовет аамҭаан зықьҩыла аԥсшьаҩцәа зҭаауаз аԥсшьарҭақәа руак аибашьра ашьҭахь акыршықәсагьы абаџьар ҭиааны, аҳәира иаганы иҟан. Аха дҟалеит зхатә џьабаа зыламыс ҳаранакыз, зықалақь бзиа избоз ауаҩы. Уи аԥара ахшәааны ари аҭыԥ ааихәеит.

© Foto / предоставлено Светланой ЛадарияГәдоуҭатәи апарк ҿыц аҿы ахәмарырҭақәа зегьы хәыда-ԥсадоуп
Гәдоуҭатәи Katepark, мамзаргьы агәыӷрақәа рыхынҳәра - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭатәи апарк ҿыц аҿы ахәмарырҭақәа зегьы хәыда-ԥсадоуп

Абизнесуаҩ. Аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи аԥсаӡ ахәыҷқәа ҳамҭас иааганы апаркқәа руак аҿы ирыззыргылаз, Ашықәс ҿыц аныҳәа гәырӷьахә ҳамҭас ирызҭаз, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рҿы зыхәҭа алазҵо, зықалақь гәакьахь зыбзиабара мааҭла изымшәо…

© Foto / предоставлено Светланой ЛадарияАри аҭыԥ иаҭаауа ирылшоит рыбаҩ дырҵәырц, рхәыҷқәа дырхәмарырц, рыԥсы ршьарц
Гәдоуҭатәи Katepark, мамзаргьы агәыӷрақәа рыхынҳәра - Sputnik Аҧсны
Ари аҭыԥ иаҭаауа ирылшоит рыбаҩ дырҵәырц, рхәыҷқәа дырхәмарырц, рыԥсы ршьарц

Зыхьӡ ацәыргара зҭахым ари ауаҩы ҳалал иааихәаз аҭыԥ аҿы иахьа Гәдоуҭа ауааԥсыра зегьы зеигәырӷьаша апарк ааиртит. Макьана аусурақәа шцогьы, инагӡаны игәы иҭоу зегь шеиҿимкаацгьы, иахьазы ара иҟоуп ахәыҷқәа рыхәмарырҭақәа, абаҩрҵәырҭақәа, аԥқьаҭасырҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, ихыркәшоуп аԥхынтәи акинотеатри адискотекеи рҭыԥ, амшынԥшаҳәатә цәаҳәа иахьаҵанакуа иргылоуп аԥсшьарҭақәа, аҽыкәабарҭақәа, аҽыԥсахырҭақәа.

© Foto / предоставлено Светланой ЛадарияАмшын аԥшаҳәаҿы аԥсшьарҭақәа, аҽыкәабарҭақәа, аҽыԥсахырҭақәа ргылоуп
Гәдоуҭатәи Katepark, мамзаргьы агәыӷрақәа рыхынҳәра - Sputnik Аҧсны
Амшын аԥшаҳәаҿы аԥсшьарҭақәа, аҽыкәабарҭақәа, аҽыԥсахырҭақәа ргылоуп

Аҭыԥ аҵакыра зегьы аҿы еиуеиԥшым аҵиаақәа еиҭаҳауп. Ажәытә иҟаз аҵла кьоукьоуқәа рнаҩсангьы ҿыц еиҭаҳау ашәҭқәа, апальмақәа хкыла еиуеиԥшым. Урҭ зегь шықәсык-ҩышықәса рыла еинылар, егьа иџьашьахәхап… Абаҳча ҭырҭәааны ахәылбыҽха ахәыҷқәа ыҵан. Шамахамзар зегьы ргәы иақәшәаша ахәмарырҭақәа ыҟоуп. Абри зегьы хәыда-ԥсадоуп. Даҽазныкгьы исҳәоит – ихәыда-ԥсадоуп. Ахатә харџь зыхҭынҵоу "Katepark" (аԥшәма иԥҳа илыхьӡыншьалоуп) Гәдоуҭа ауааԥсыра ирзыҟаҵоу ҳамҭоуп.

© Foto / предоставлено Светланой ЛадарияАпарк аҿы анеиааирҭақәа ҭарҭәоуп, асқамқәа ргылоуп, еиҭаҳауп аҵлақәа, ашәҭқәа, аха аиҿкааратә усурақәа макьана ихыркәшаӡам
Гәдоуҭатәи Katepark, мамзаргьы агәыӷрақәа рыхынҳәра - Sputnik Аҧсны
Апарк аҿы анеиааирҭақәа ҭарҭәоуп, асқамқәа ргылоуп, еиҭаҳауп аҵлақәа, ашәҭқәа, аха аиҿкааратә усурақәа макьана ихыркәшаӡам

Иацы избаз агәыӷра снаҭеит, "анаџьалбеит, ишыдыдуа қәа ауам" ҳәагьы снарҳәеит. Амала сархәыцит абас: "Абиԥазаҵә иеиԥш иаанхарыма ари аҩыза аус?" ҳәа. Иҟаларушь зышьҭамҭа зыдгьыл иазынзыжьырц зыгәҭаку еиҭах? Ииашаҵәҟьаны, ҩба-хԥа абиԥара рышьҭахь "сабду иргылеит" зҳәо ииҳәо мцымкәа ианиашахо ауп ҳагьаныҿио, ҳагьанеизҳауа.

Шьыри, ираҳҭандаз досу ҳахшара, ҳмоҭацәа абарҭ ажәақәа рҳәартә еиԥш алшара…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0