Ианахәҭоу ақәа ауа, ианахәҭоу амра ԥхо: Ацуныҳәа Мықә ақыҭан ишымҩаԥысыз

© Sputnik / Томас ТхайцукИанахәҭоу ақәа ауа, ианахәҭоу амра ԥхо: Ацуныҳәа Мықә ақыҭан ишымҩаԥысыз
Ианахәҭоу ақәа ауа, ианахәҭоу амра ԥхо: Ацуныҳәа Мықә ақыҭан ишымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есуажәааны Аԥсны қыҭацыԥхьаӡа, цуҭа-цуҭала аныҳәара мҩаԥыргоит – Ацуныҳәа. Убас, иахьа, амҽыша, рашәара 28 рзы Мықә ақыҭан Ацуныҳәа ҟарҵеит. Уи азку анҵамҭа Есма Ҭодуаԥҳа лматериал аҟны.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ацуныҳәа Аԥсны қыҭацыԥхьаӡа, цуҭа-цуҭала имҩаԥыргоит. Даҽакала иуҳәозар, ари еизааигәан еиланхо рныҳәара ауп. Ацуныҳәа адгьылқәаарыхра иазку ныҳәоуп. Иара изынархоуп адыди амацәыси рынцәахәы Афы. Уи иҳәоит аарыхрақәа дырхылаԥшырц, ианахәҭоу ақәа аирурц, ианахәҭоу амра ирԥхарц.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Ацуныҳәа: иацы, иахьа

Аныҳәара мҩаԥыргоит ааԥын анҵәамҭа инаркны аԥхынра азыбжанӡа, џьоукы заа иҟарҵоит, џьоукы иаҳа ихьшәаны. Аныҳәара мҩаԥысуеит ицқьоу ҭыԥк аҿы, ӡыхьк ахьыҵыҵуа азааигәара, мҽышак аҽны.

Убас, рабацәа ишыддырбаз еиԥш, иахьагьы ацуныҳәа мҩаԥыргоит Мықә ақыҭа, Аӡыхьқәа рыҵыҵырҭа аҭыԥ аҟны. Ари аҭыԥ аҟынтәи иҵыҵуа аӡыхьқәа роуп досу рыҩнаҭақәа рахь аҵеиџьқәа ахьыҟоу инеиуагьы.

© Foto / предоставлено Эсмой ТодуаАцуныҳәа амҩаԥгараа аритуал иахәҭакуп ашьтәа ашьра
Ианахәҭоу ақәа ауа, ианахәҭоу амра ԥхо: Ацуныҳәа Мықә ақыҭан ишымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны
Ацуныҳәа амҩаԥгараа аритуал иахәҭакуп ашьтәа ашьра

Аныҳәарҭа аҭыԥ заанаҵы ирыцқьаны иҟарҵоит. Ашьтәа иршьуа акәац зқәырҵо ашәымкьаҭгьы иара уа идыргылоит. Аныҳәаҩ Зураб Адлеиба ашьтәа (аӷаац) агәи агәаҵәеи иарма напаҿы иаанкыланы, акәакәаргьы иара уа араса-ҵәы иахаҵаны, иарӷьа напаҿы досу рыҩнаҭақәа рҟынтәи иааргаз рцәашьхәқәа неидкыланы дныҳәоит.

"Иа, Анцәа суҳәоит, ахәыҷы, аду ргәы бзиа, рхы бзиа, амаа зку, амашьына иақәтәоу дманшәалахо, аҵара зҵо иҵара маншәалахо, зехьынџьара шәаныҵыҵлакь, зехьынџьара шәгәырӷьо, шәыччо шәыҩнаҭа шәдәылҵуа, шәгәырӷьо, шәыччо шәыҩнаҭақәа рахь шәгьежьуа. Аамҭа маншәала Анцәа иҟаҵа, агәабзиара, агәамч Анцәа ишәыҭ! Ҳуҳәоит, Анцәа, ҳарманшәал, аарыхрақәа маншәалахо, аамҭа бзиа ҟало, аҳауа бзиахо, ианахәҭоу ақәа ауа, ианахәҭоу амра ԥхо! Иа, Анцәа суҳәоит, ҳахьынаҵыслакгьы, абра ацуҭа еилахәу, зцәыкәбар еилаҭәоу роуп абра еизаны иҟоу, абарҭ зегьы аманшәалара руҭаразы Анцәа суҳәоит", – ҳәа дныҳәоит Заур Адлеиба. Уи иабгьы ари аныҳәагатә икын, уи ишьҭахь аныҳәара иара иахь ииасит.

Ҳара ҳзыҿцәажәаз, ари аныҳәара иалахәыз Алиса Арутинова ишҳалҳәаз ала, ари аныҳәара дара рҿы ианымҩаԥырго амра ахьынӡагылоу ауп, иара иаҵагылоугьы ахацәеи ахәыҷқәеи роуп. Шьыбжьышьҭахь нахыс аҭыԥ аҿы аҳәсеи ахәыҷқәеи рҟынтәи аӡәгьы даанхаӡом, ахацәа аҭыԥ арыцқьаразы иаангылоит. Иара убас лара иҳалҳәеит ари ацуныҳәа иалахәу ажәлантәқәа рыӡбахә.

© Foto / предоставлено Эсмой ТодуаАшьтәа иршьуа акәац ахьықәырҵо ашәымкьаҭ
Ианахәҭоу ақәа ауа, ианахәҭоу амра ԥхо: Ацуныҳәа Мықә ақыҭан ишымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны
Ашьтәа иршьуа акәац ахьықәырҵо ашәымкьаҭ

"Жәытәнатә аахыс ҳабдуцәа, урҭ рабдуцәа ахьныҳәо абри аҭыԥ аҿоуп, аӡыхьқәа ахьыҵыҵуа. Убарҭ аӡыхьқәа рҿы ҳаҩнқәа рахь иааиуа аҵеиџьқәа гылоуп, убарҭ аҵеиџьқәа рзааигәароуп убри аныҳәара ахьымҩаԥысуа. Ара иалахәуп ҳара ҳажәла Арутиноваа, Гәагәахьиаа, Ԥлиаа, Қәҭелиаа (ҩ-ҭӡык), Доӷәызаа (ҩ-ҭӡык), Сабакьиаа (ҩ-ҭӡык), Џьапуаа, Адлеиаа (ҩ-ҭӡык), Самсаниаа (ҩ-ҭӡык), Ҷежьиаа (хы-ҭӡык), Какалиаа (ҩ-ҭӡык), Саџьаиаа, Араҳамиаа, Дарсалиаа, Ҵәыџьаа,  Асланӡиаа", – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит лара.

© Foto / предоставлено Эсмой ТодуаАқәаб дуқәа ирҭаԥсаны иржәуеит анаҩс изыхныҳәараны иҟоу акәаци акәакәарқәеи
Ианахәҭоу ақәа ауа, ианахәҭоу амра ԥхо: Ацуныҳәа Мықә ақыҭан ишымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны
Ақәаб дуқәа ирҭаԥсаны иржәуеит анаҩс изыхныҳәараны иҟоу акәаци акәакәарқәеи

Иҳәатәуп, Мықәаа ацуныҳәа аритуал ахәҭа хадақәа иахьагьы еиқәырханы ишрымоу. Урҭ иреиуоуп аныҳәара акульминациатә хәҭа – аӡеиқәҭәара. Ишдыру еиԥш, ацуныҳәа амҩаԥгара ҵакыс иамоу анхаҩы иаарыхра маншәалахарц ауп, адгьыл ақәа анаҭаху, ақәа леиртә, амра анаҭаху, амра ԥхарц. Убри аҟнытә аныҳәаҩ данныҳәалак ашьҭахь, зегьы (аҳәса рыда, урҭ аҭыԥ азааигәара иҟоуп ауп) агәи, агәаҵәеи, акәакәари ргьама аныдирбалак, аныҳәа гәырӷьарыла, хәмаррыла имҩаԥыргоит.

© Foto / предоставлено Эсмой ТодуаАныҳәаҩ дзыхныҳәаз агәи, агәаҵәеи, акәакәарқәеи аҳәса рыда (урҭ аныҳәарҭаҟынтәи инасҭханы игылоуп) зегьы агьама дирбоит
Ианахәҭоу ақәа ауа, ианахәҭоу амра ԥхо: Ацуныҳәа Мықә ақыҭан ишымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны
Аныҳәаҩ дзыхныҳәаз агәи, агәаҵәеи, акәакәарқәеи аҳәса рыда (урҭ аныҳәарҭаҟынтәи инасҭханы игылоуп) зегьы агьама дирбоит

Уаҟа иҟоу ахәыҷқәеи аҳәсеи аӡы еиқәырҭәоит. Аӡеиқәҭәара – араҟа адгьыл абеиахара, аҿиара, аизҳара символра азнауеит.

Аныҳәарҭа аҭыԥ аҟынтәи аҩныҟа акгьы угар ҟалаӡом, иара уа ирфоит зегьы. Насгьы изыхныҳәаз ашьтәеи акәакәари ахацәеи ахәыҷқәеи роуп акәымзар, аҳәса агьама рбаӡом.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0