Миллионла аилагарақәа: Аԥсны ААР Гагра аломбардқәа ргәаҭара мҩаԥнагеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБанкноты номиналом 1000, 2000 и 5000 рублей.
Банкноты номиналом 1000, 2000 и 5000 рублей. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афеида аиуразы закәаншьаҭадатәи анаплакра иақәҵахоит 50 -150 нызқьмааҭ рҟынӡа ахараԥса, мамазаргьы ҩышықәса инаркны хәышықәсанӡа ахақәиҭра алхәыдатәра.

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭа  Гагра араион аҿы аломбардқәа рфинанстә-нхамҩатә усура ҭырҵааит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Гагра араион аҿы аломбардқәа ҩба азин ҷыда рымамкәа аус руан.

Аминистрцәа Реилазаара - Sputnik Аҧсны
Аломбардқәа русуразы азин ҷыда рыҭахалоит

Убас, аломбард, зусура ИАЕ СП "НИКЭ" ашьаҭала имҩаԥысуаз, 2016 шықәса ажьырныҳәа инаркны 2018 нанҳәамзанӡа афеида иартәеит 3 миллионки 607 нызқьи 663 мааҭ.

"НИКЭ" адиректор хада Татиана Аксарина лганахь ала аматериал нашьҭуп Гагра араион ААР аусҭҵаара аҟәшахьы аусӡбаранӡатәи агәаҭара амҩаԥгаразы.

Афеида аиуразы закәаншьаҭадатәи анаплакразы аусҭҵаара хацыркуп АН Белкина В. А. иганахь ала. Иаргьы зинҷыдада аломбард амаҵзурақәа мҩаԥигон.

2018 шықәса нанҳәамза инаркны 2020 шықәса лаҵарамзанӡа изеиԥш феида иартәеит  2 миллионки 303 нызқьи 072 мааҭ. 

Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, аломбардқәа русуразы азин ҷыда – алицензиа Афинансқәа рминистрраҟынтә ироуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0