Аԥсны атәылауаҩ быжь-миллионк ашәахтә имшәеит ҳәа гәҩарас дрымоуп

CC0 / / Бухгалтерия
Бухгалтерия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәахтә мҽхакы ҭбаала изымшәо ирықәырҵо ахараԥса 50 - 150 нызқь мааҭ инаӡоит, ма 2-5 шықәса аҭакра рықәырҵар алшоит.

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Анаплакҩы Сурен Саакиан быжь-миллионк ашәахтә имшәеит ҳәа гәҩарас дрымоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.

Саакиан аргыларатә усурақәа инапы рылакуп. Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадареи акоррупциаҿагылареи рзы Аусбарҭа адыррақәа рыла, 2016 шықәса рзы ахашәала ҳәа миллионмааҭ иоуит 2017, 2018 шықәсқәа рзы – 35 миллион 850 нызқь мааҭ.

Хышықәса рыҩнуҵҟала Саакиан 36 миллион рҟынӡа ахашәала иоуит, аха ашәахтәқәа ршәара иҽацәхьеикит.

"Ихатәы интересқәа дрықәныҟәо, анаплакҩы Аԥсны ареспубликатә биуџьет ахь иалагалатәыз ашәахтәцҵеи (3 миллионки 349 нызқьмааҭ) ахашәалахәтә шәахи (3 миллионки 350 нызқьмааҭ) имшәеит. Абасала, иааидкыланы 6 миллионки 699 нызқь мааҭ иқәхеит, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы азакәанԥҵара инақәыршәаны инагатәыз адекларациақәеи адокументқәеи ахьхьеикыз азы", - аҳәоит асаит адырраҭараҿы.

Сурен Саакиан иганахьала аусҭҵаара хацыркуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 192 ахәҭа 2 инақәыршәаны.

Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Аԥсны ААР аусҭҵааратә усбарҭа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0