Урыстәыла АШәМ Владикавказ атеракт аԥдырҟәҟәааит

© Sputnik / Евгений БиятовФСБ России
ФСБ России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура адиректор Александр Бортников аҳәамҭа ҟаиҵахьан аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа 160 теракт аԥырҟәҟәаауп ҳәа.

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ Владикавказ атеракт аԥдырҟәҟәааит. Даанкылоуп Урыстәыла ззин ыҟам "Исламское государство" адгылаҩ ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура  апресс-маҵзура.

Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Ҟрым иааныркылеит атеракт амҩаԥгара зыгәҭакыз агәыԥ - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Ҟрым иааныркылеит атеракт амҩаԥгара зыгәҭакыз агәыԥ

Ацәгьоуҩы административтә хыбрақәа руак аҟны арԥжәага азырхиара даҿын.

Иаанкылоу атеракт ашьҭахь игәы иҭан Мрагылара Ааигәаҟа ацара жәларбжьаратә атеррористтә еиҿкаара ИГИЛ ахалархәразы.

Аисламист иҩны ирыԥшааит арԥжәагахәҭақәа, "Исламское государство" алахәылацәеи иареи рышәҟәеимдара.

Иара иганахь ала ашьаус хацыркуп "Атеррористтә еиҿкаара алахәхаразы" ахәҭаҷ ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0