АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Ҟрым иааныркылеит аҵараиурҭатә усҳәарҭақәа рҟны атеракт амҩаԥгара зыгәҭакыз ҩыџьа ақәыԥшцәа. Абри атәы аарыцҳауеит амаҵзура ҷыдақәа руаажәларратә еимадара Ацентр аҟнытә.
Атерактқәа рымҩаԥгара рыгәҭакын ҳәа ишьоуп 16, 17 шықәса зхыҵуа ҩыџьа арԥарацәа. Дара ирыдырбалеит анапылаҟаҵара бомбақәеи арԥжәагақәеи.
"Арԥжәагақәа аҩны иԥыршәон", - ҳәа арбоуп АШәМ адырраҭараҿы.
Аусбарҭа адырраҭарала ақәыԥшцәа аекстремисттә идеологиеи 2018 шықәса рзы Керчтәи аполитехникатә коллеџь аҿы 20-ҩык ауаа зшьыз 18шықәса зхыҵуа Владислав Рослиакови рышьҭанеиҩцәа роуп.
"Ақәыԥшцәа атеракт амҩаԥгара адагьы асоциалтә ҳақәеи амемменџьерқәеи рҟны "аԥсра агәыԥқәа" ирыдрыԥхьалон зыпсихикатә ҭагылазаашьа уашәшәыроу абасеиԥштәи ацәгьоурақәа мҩаԥыргаразы", - аҳәоит АШәМ адырраҭара.
Уажәазы "Атеррористтә акт амҩаԥгаразы" ахәҭаҷ инақәыршәаны ашьаус ахыртлара азҵаара рыӡбоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Москва ИГИЛ алахәылацәа ааныркылеит
-
Москва АШәМ ахыбраҿы иҟалаз ахысра иахҟьаны иҟоуп иҭахази ахәра заузи