Аԥсны иалагеит Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа рзы абжьыҭара

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иалагеит Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа рзы абжьыҭара
Аԥсны иалагеит Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа рзы абжьыҭара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Аконституациахь абжьыҭара Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥысуеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәаҳәарҭа ахыбраҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы абжьыҭара аҵыхәтәантәи ахәҭа иалагеит алхырҭатә ҭыԥ №8000 ахьаарту Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

Алхырҭатә ҭыԥ аадыртаанӡа аҩналарҭа иадеизалахьан 30-ҩык раҟара ауааԥсыра. Алхыҩцәа аҩнуҵҟа иҩналаанӡа ирырҭоит ахыхьчагатә медицинатә сабрадақәа, рнапқәа арзҩыдагақәа рыла идрыцқьоит.

Атәылаҿы аус зуа алхырҭатә ҭыԥ заҵәык ауп, аха араионтә хадарақәа алхрақәа реиҿкаараҟны ацхыраара шыҟарҵо иақәдыргәыӷит, убри азы аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы ацҳаражәҳәарҭахь изго атранспорт еиҿыркаауеит.

Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо, мамзаргьы аамҭала Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рыбжьы арҭар ҟалоит ацҳаражәҳәрҭа ахыбраҿы асааҭ 20:00 рҟынӡа. 

Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы аҩаша, рашәара 30 рзы заанаҵ рыбжьы арҭеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб.

Заанаҵ иара убас рыбжьы арҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аруааи атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иалагеит Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа рзы абжьыҭара
Аԥсны иалагеит Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа рзы абжьыҭара - Sputnik Аҧсны
1/3
Аԥсны иалагеит Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа рзы абжьыҭара
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иалагеит Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа рзы абжьыҭара
Аԥсны иалагеит Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа рзы абжьыҭара - Sputnik Аҧсны
2/3

3/3

Атәыла Аконституциахь ариашарақәа ралагалара иаԥшьгамҭоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин. Иара абри атәы рылеиҳәеит 2020 шықәса ажьырныҳәа 15 рзы Афедералтә еизарахь есышықәсатәи инашьҭымҭаҿы.

Азакәан хада аԥсахрақәа рзырхоуп  атәыла ахада, аиҳабыра рлахәылацәа, аҳәынҭқарратә чынуаа рҭахрақәа, аҳәынҭқарра атәылауаа рҿаԥхьа асоциалтә гарантиақәа рырӷәӷәара, апарламент азинмчра аԥсахра, ишьақәнаргылоит аурыс бызшәа астатус. Уи адагьы ариашарақәа иалдыршоит аус зуа ахада еиҭахгьы абри аҭыԥ ахь 2024 шықәса рзы кандидатс ихықәыргылара. Аконституциахь ариашарақәа ахада урыстәылазегьтәи абжьыҭарахь иқәиргылеит.

Президент РФ В. Путин провел совещание о реализации мер поддержки экономики и социальной сферы - Sputnik Аҧсны
Путин ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аконституциахь ариашарақәа рзы рыбжьы арҭарц

Аханатә абжьыҭара мҩаԥысраны иҟан мшаԥы 22 рзы, аха атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны арыцхә ԥхынгәы 1 ахь ииаган.

Аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны Урыстәыла атәылауаа ироуеит алшара мышкы ахы-аҵыхәала акәымкәа,  мышқәак инеиужьны абжьыҭара. Иҟоу ашәарҭарақәа раԥырҟәҟәааразы абжьыҭара иалагеит рашәара 25 инаркны.

Раԥхьатәи хәымш рыҩнуҵҟа рыбжьы арҭахьеит 49,6 миллионҩык, убри ала ауаа рнеира ишьақәнартәахьеит 45,7%.

Ажәабжьқәа зегьы
0