00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
2 мин
Актуальный комментарий
14:33
6 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Чачхалиа: Аԥсни Урыстәылеи реимадара
18:22
14 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны ихыркәшоуп Урыстәыла Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы абжьыҭара

© Sputnik / Томас ТхайцукГолосование по поправкам в Конституцию России
Голосование по поправкам в Конституцию России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны инхо ма аамҭала иҟоу Урыстәыла атәылауаа Урыстәыла Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы рыбжьы арҭарц рылшон Аҟәа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы 08:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Аԥсны ихыркәшоуп Урыстәыла Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы абжьыҭара, атәылаҿы аус ауан алхырҭатә ҭыԥ №8000, уи Аҟәа игылоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаартын.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-анацҳамҭаҩ Максим Литвинов иҟаиҵаз адыррала, иахьа, асааҭ 14:00 рҟынӡа Аԥсны рыбжьы арҭахьан 1300-ҩык инареиҳаны Урыстәыла атәылауаа.

Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, аԥкаанҵақәа 2,68% аус анрыднаула ашьҭахь еилкаахеит Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы 70,81% Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рыбжьы шарҭаз, уи иаҿагыланы рыбжьы арҭеит - 28,17%. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, ауаа абжьыҭарахь рааира иартәеит 63,32 процент.

Атәыла Аконституциа ариашарақәа ралагалара иаԥшьгамҭоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин. Иара абри атәы рылеиҳәеит 2020 шықәса ажьырныҳәа 15 рзы Афедералтә еизарахь есышықәсатәи инашьҭымҭаҿы.

Азакәан хада аԥсахрақәа рзырхоуп атәыла ахада, аиҳабыра рлахәылацәа, аҳәынҭқарратә чынуаа рҭахрақәа, аҳәынҭқарра атәылауаа рҿаԥхьа асоциалтә гарантиақәа рырӷәӷәара, апарламент азинмчра аԥсахра, ишьақәнаргылоит аурыс бызшәа астатус. Уи адагьы ариашарақәа иалдыршоит аус зуа ахада еиҭахгьы абри аҭыԥ ахь 2024 шықәса рзы кандидатс ихықәыргылара. Аконституциахь ариашарақәа ахада урыстәылазегьтәи абжьыҭарахь иқәиргылеит.

Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥысраны иҟан мшаԥы 22 рзы, аха атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны арыцхә ԥхынгәы 1 ахь ииаган.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0