АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа акоронавирус аҟынтәи дхәышәтәны даҽа пациентк дҭырҩааит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 аҟынтәи рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ииасыз уахыки-ҽнаки рзы игәаҭаз 70-ҩык рахьтә аӡәгьы акоронавирус имам ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп.
Аԥсны иахьатәи аамҭазы авирус рыдырбалахьеит 38-ҩык. Урҭ рҟынтәи хҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп. 34-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>