Аҵара аминистрраҿы ирҳәеит ахәыҷбаҳчақәа анаадыртуа

© Sputnik / Томас ТхайцукАҵара аминистрраҿы ирҳәеит ахәыҷбаҳчақәа анаадыртуа
Аҵара аминистрраҿы ирҳәеит ахәыҷбаҳчақәа анаадыртуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы Акоординациатә штаб ԥхынгәы 1 инаркны ахәыҷбаҳчақәа русуразы азин ҟанаҵеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахәыҷбаҳчақәа русура хацдыркраны иҟоуп ахәыҷқәа рыдкылара ишазыхиахалак ҳәа азгәалҭеит Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгелиаԥҳа.

Уаанӡа акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы Акоординациатә штаб иаӡбахьан ахәыҷбаҳчақәа ԥхынгәы 1 инаркны иаартызарц.

"Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрраҿ аусԥҟа нап аҵаҩуп ашколқәраҟынӡатәи аҵаратә усҳәарҭақәа русура шхацыркхо акоронавирустә инфекциа аҿагылара иазыхианы, аҭыԥантәи асанитар-епидемиологиатә маҵзура ақәыршаҳаҭны", - лҳәеит Ченгелиаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, Аҵара аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи Аҵара араионтә ҟәша аиҳабацәеи иаздырхиароуп ахәыҷбаҳчақәа рнапхгаҩцәа рзы абжьгарақәа иахәҭоу асанитар-гигиенатәи асанитар-епидемиологиатәи уснагӡатәқәа рынагӡаразы.

Ченгелиаԥҳа илҳәеит ахәыҷбаҳчақәа рыҽшаздырхио ахәыҷқәа рыдкылара, асанитар-епидемиологиатә усурақәа мышқәак шырҭаху.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0