Бжьаниа ауалафахәқәа ршәара аамҭа иахыԥар шауа атәы иҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара анапы ианиҵеит COVID-19 аамҭазы ареспублика абиуџьеттә система аҭышәныртәаларазы ауснагӡатәқәа аус рыдулазарци ишьақәырӷәӷәазарци.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны абиуџьеттә усхк аусзуҩцәа руалафахәы аҿҳәара иахыԥалоит иҳәеит Аслан Бжьаниа апресс-конференциаҿ.

"Лаҵарамзазы уал ҳақәым. Ауалафахәқәа ҳәарада ишәахоит, аха рыҿҳәара 15-20 мшы иахыԥаны", -  иҳәеит ахада.

Убри аан ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаиҵеит аҭагылазаашьа еилыркаарц.

Уаанӡа ауалафахәы ашәара апроблемақәа шаиуаз азыԥхьагәаҭан ауааԥсыра рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҟны.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара анапы ианиҵеит COVID-19 аамҭаан ареспублика абиуџьеттә система аҭышәныртәаларазы ауснагӡатәқәа аус рыдулазарци ишьақәырӷәӷәазарци.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0