Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Жьиԥҳа ахәыҷбаҳчақәа русуразы: асанитартә маҵзурақәа рызԥхьанҵа анагӡара уадаҩуп

© Foto / предоставлено Мадиной Ажиба Мадина Ажиба
Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҵараҟәша аиҳабы Мадина Жьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит араион аҟны иҟоу ахәыҷбаҳчақәа раартразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.

 

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Жьиԥҳа Гагра ахәыҷбаҳчақәа русура ахацыркра иазкны

"Гагра араион аҟны зынӡа ф-хәыҷбаҳчак аус руеит, урҭ ирхыԥхьаӡалоуп 874-ҩык ахәыҷқәа. Иахьа араион ахадараҟны аилатәара мҩаԥган ахәыҷбаҳчақәа раартра азҵаарала. Аҵара аминистрра ақәҵарала ахәыҷбаҳчақәа аартхароуп асанитартә маҵзурақәа рызԥхьанҵа ишаҳәо ала. Аилатәараҟны иазгәаҭан иаарышьҭыз азԥхьанҵа ала ахәыҷбаҳчақәа русура аиҿкаара шыуадаҩхо. Уи зыхҟьо агәыԥқәа рҟны ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу, анормақәа иахьреиҳау ауп. Аԥхьа еилкаатәуп ахәыҷқәа зҭаацәарақәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны аус зуа, насгьы азинҷыда иаҵанакуа рсиақәа. Арҭ азҵаарақәа зегьы анҭаҳҵаалак, ахәыҷбаҳчақәа русура хацыркхоит. Иахьа инаркны ахәыҷбаҳчақәа реиҳабацәа адҵа рыҭоуп аҭаацәа лымкаала аус рыдуланы, ахәыҷбаҳчақәа рахь зыхшара змышьҭыр ада ԥсыхәа змам алкааны асиақәа еиқәдыршәарц. Арыцхәа 15-нӡа асиақәа реиқәыршәара азгәаҭаны иҳамоуп", - лҳәеит Жьиԥҳа.

 

Лара иазгәалҭеит ахәыҷбаҳчақәа рахь ицо рхыԥхьаӡара 874-ҩык ыҟазар, асанитар-епидемиологиатә ашәага-загақәа ирықәыршәаны зҭыԥ рымоу 600-ҩык роуп ҳәа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0