Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ешыра ақыҭа ахада: Шыцкәара ауаа ирыхәарҭан иҟаз амҩа ибганы ишыҟаз иаанхеит

© Foto / скриншот из видео Тамара Авидзба
Тамара Авидзба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа араион ақыҭа Ешыра ахада Ҭамара Аҩӡԥҳа-Езыгәбаиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ақыҭаҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ешыра ақыҭа иамоу ауадаҩрақәа ртәы

"Сынтәа ашкол иалгеит 9-ҩык ахәыҷқәа, иара убри алагьы иубоит ақыҭа шмаҷхаз, ауаа зегьы еиханы ақалақь ахь ицоит. Хәажәкырамзазы ақәаршҩы иахҟьаны Аладатәи Ешыра ибгаз амҩа аҟаҵара макьана нап аркым. Аҟәа аус зуа ауаа иакәшан ицоит, уи иакәыршан игоу амҩагьы ԥхасҭахо иалагеит. Шыцкәара амҩа ибгаз иааны аӡәгьы дагьамыхәаԥшыц, аҽны ианыҟаз ада. Макьана Аҟәа араион ахадагьы дшьақәырӷәӷәам, уи аныҟалалалк ашьҭахь, азҵаара ӡбахап ҳәа ҳгәыӷуеит. Иара уи адагьы, Шыцкәара аевкалипт дуқәа гылоуп аҩнқәа рааигәара. Знык ашәҟәы ҳашьҭхьеит иԥырҟартә еиԥш, аха убригьы аӡбаразы ԥсыхәак амаиуит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ешыра ақыҭа ахада.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0