"Акьыԥхь аҿы иарбоуп 80% Аԥсны аус зуа аԥарарҳара иааз роуп ҳәа, ус анакәха, атәыла иқәынхо бжьаратәла рыԥсҭазаара еиҿкаауп ҳәа узҳәаӡом, аха аԥарарҳара иаауа аԥара дырҳауеит. Иџьашьатәуп, абас еиԥш аҭагылазаашьа зыҟалаз. Убри аҟынӡа аԥсуаа ҳаԥсҭазаара еиҿаҳкааит, иаарласны "ахьурӡы ӡәӡәаны абысҭа сызу" ҳәа азиантәи иааз аԥҳәыс адҵа лырҭо аҟынӡа. Изыҟалеи ус атәым тәылантә иааз аус иуа, аԥсуа уи дацәыԥхашьо? Аџьаус аиҿкаара, агәыбылра, пату ақәҵара, хымԥадатәи усуп ҳәа аԥхьаӡара асовет аамҭазы ицәгьамкәа еиҿкаан. Актәи акласс инаркны аԥшьбатәи аҟынӡа арԥарцәа аџьаус ддырбон, иддырҵон. Аиҳабацәа ракәзар, ашколқәа ркомбинатқәа ҳәа иҟаз рҿы ҳаизыргон, аӡӷабцәа хазы, аҷкәынцәа хазы. Иаҳдырҵон аӡахшьа, аԥашьа. Ҳаналгоз иҳарҭоз ашәҟала аусура ҳцон. Аҷкәынцәа ракәзар, аџьаус рызҭоз арҵаҩы иман дцон иҟаз атехникатә усбарҭақәа рахь, ашахтатә ргылара, арԥхагатә станциа уҳәа рахь, аԥсҭазаара иааҭахыз амаҭәарқәа зегьы ддырбон, иддырҵон. Урҭгьы аналгоз ирырҭон ашәҟәы, аусура инеины аус руртә еиԥш. Иуҭахума, иуҭахымума ҳәа иуазҵааӡомызт. Ашколтә маҭәарқәа зегьы рҿы аџьа абзиабара агәылазар акәын, абас акәын ишыҟаз асовет аамҭазы. Иахьа? Иауа иашәан акгьы ыҟаӡам. Ашкол даналгоз ахәыҷы аҵара дҭамлозаргьы аус ахьиуаз ыҟан, убыс илааӡан аџьаус, абри сҭахым иҳәаӡомызт, иарбанзаалакгьы аус уара уоуп изырԥшӡо ҳәа иахьатәи аҭагылазаашьаҿы аӡәгьы идирҵаӡом", - ҳәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Дамениа аҿкы чымазаразы: иҳанаҳәо рацәоуп, еилызкаауа ҟалар