"Ҳамчқәа зегьы еидкыланы ақәыргыламҭа ҿыц ҳаҿуп. Ачымазара ҿкы иахҟьаны аԥкрақәа рышьҭахь аусура азин анҳау, апремиера ала ҳалагоит. Уи маӡаӡам шьҭа "Вестсаидтәи аҭоурых" шьаҭас иамоуп, амала ҳара ахьӡ ҳаԥсахит. Ахҭыс Америка имҩаԥысуеит, ҳара иаҳҭаххеит аҭоурых Аԥсны иашьашәаланы иҟаларц, иахьӡаҳҵеит "Амра анҭашәалак". Еицырдыруа Уиллиам Шекспир итрагедиа "Ромеои Џьулеттеи" иалхуп Артур Лорентс исценари. Уи аҟны ахҭысқәа Америка иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа ирышьашәало иаарԥшуп. Аспектакльқәа рацәаны, амиузикл, акинофильм ҭрыжьхьеит. Ҳара амиузикл алҳхӡом, ҳәарада, уи ашәақәа, ахореографиа алоуп. Ҳара иаҳҭаху - усҟан иаарԥшыз аимак аԥсуаа ҳҟны иҟалар шалшоз ауп", - иҳәеит Еныкь.
Иара еиҭеиҳәеит адунеи аҟны еицырдыруа ақәыргыламҭа афырхацәа аԥсышәала хьыӡқәас ироуз.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр ақәыргыламҭа ҿыц "Амра анҭашәалак" арежиссиорс дыҟоуп Есма Џьниаԥҳа. Аԥхьарбара ҟалоит ԥхынгәы 28-29 рзы.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥснытәи атеатрқәа акарантиншьҭахьтә қәгыларақәа ирзыԥшуп
-
Ҭыжәԥҳа Аԥсуа театр аҭааҩцәа рзы: асценаҟны ҳаиқәшәаранӡа хәыҷык ауп иаанхаз